Аҟәа ақалақьтә еизара ахантәаҩы далхуп

© из архива Константина ПилияКонстантин Пилия.
Константин Пилия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, мшаԥымза 13 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилазаара ҿыц ахантәаҩы далырхит

АҞӘА, мшаԥымза 13 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Ахаша, мшаԥымза 13 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилазаара ҿыц ахантәаҩыс далырхит Константин Ԥлиа.

Константин Ԥлиа диит 1970 шықәса рзы, Аҟәа. Ақыҭанхамҩатәи азиндырратәи ҵара имоуп. Аусура хациркит 1988 шықәса рзы, Аҟәатәи ателефонтә станциаҟны.

1989 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысуан. 1992-1993шш. рзы активла далахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. "Агәымшәараз" амедал ианашьоуп.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа хыркәшахеит

2001 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизара депутатс далхуп.

2002-2007 – Апарламент адепутат.

2012ш. рзы далрхит Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩыс.

Ареспублика зегьы иахьаҵанакуа имҩаԥысит алхрақәа, Гал араион аҟны ада. Гал араион аҟны алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2017 шықәса рзы, ааԥын.

Аԥсны аҵыхәтәантәи алхрақәа мҩаԥган 2011 шықәса мшаԥымзазы.

"Ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа рзы" Азакәан аԥсахрақәа инарықәыршәаны адепутатрахь акандидатцәа рышықәс 23 рҟынтәи 25 рахь ихагалан.

Ахаланпхгараҭаратә органқәа рахь раԥхьатәи алхрақәа мҩаԥган 1998 шықәса

Ажәабжьқәа зегьы
0