Аԥсуа тәылауҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара иалагоит лаҵарамзазы

© Sputnik Илона ХварцкияАтәылауаҩшәҟәҿыцқәа
Атәылауаҩшәҟәҿыцқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылауаҩшәҟәҿыцқәа рыҭарзы аиқәыршәагақәа рышьақәыргылара иалагеит ареспубликаҟны иҳаҩсыз амчыбжь азы. Абри атәы ҳкорреспондент илеиҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.

АҞӘА, мшаԥымза 14 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Атәылауаҩшәҟәҿыцқәа рыҭарзы аиқәыршәагақәа рышьақәыргылара иалагеит ареспубликаҟны иҳаҩсыз амчыбжь азы. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.

Иахьазы атәылауаҩшәҟәқәа рбланкқәеи анхараз азиншәҟәы абланкқәеи рыдагьы ихиоуп асервертә, акомпиутертә программақәа, иахәҭоу аиқәыршәагақәа, иҳәеит Аӡынба. Иара ишиҳәаз ала атәылауаҩшәҟәҿыцқәа рыҭарзы аиқәыршәагақәа рышьақәыргылара иалагеит ареспубликаҟны иҳаҩсыз амчыбжь азы.

"Аиқәыршәагақәа рықәыргылара иаҿуп. "Аԥснеимадара" аимадаратә канал ҳнаҭоит. Уи еиднаҳәалоит апаспорттә столқәа зегьы. Мшаԥымза аҩбатәи азыбжазы арахь иаауеит Гознак азанаҭуаа. Сгәы иаанагоит зегьы ишахәҭоу еиԥш иҟалап ҳәа", — иҳәоит Аӡынба.

Аминистрцәа Реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Лаша Цаава иажәақәа рыла аусурақәа ирылахәхоит аԥсуа занааҭуаагьы.

“Иарбоу агәаҭаратә усмҩаҧгатә, аиашьыкьқәа ирҭоуи, урҭ рхыҧхьаӡареи, рхаҭабзиареи, рнумерациеи иацу аушьҭратә шәҟәқәеи ишрықәшәо аанарҧшит. Агәаҭара аихшьаала ала уи иашьашәалоу акт еиқәыршәоуп”, – ҳәа иҳәеит Лаша Цаава.

Иҿыцу атәылауаҩшәҟәқәа. - Sputnik Аҧсны
Аӡынба: апаспорт ҿыцқәа аус рыдулара хыркәшахоит

Еиқәыршәоу акт, Аҧсны аминистрцәа Реилазаареи Афедералтә Аҳәынҭқарратә Унитартә Наплакы “Гознак” ирыбжьарҵаз аилаӡара анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны иаашьҭыз аалыҵ ахыҧхьаӡареи ахьӡи шьақәнарҕәҕәоит. Иара убас, Лаша Цаава иҟаиҵаз адыррақәа рыла: “уажәазы Москватәи аспециалистцәа атәылауаҩшәҟәқәеи анхаразы азин аршаҳаҭгақәеи рыҭареи ҳасаб рзуреи рзы асистема ашьақәыргылара мҩаҧыргоит. Уи азы иахәҭоу аиқәыршәара зегьы аагоуп. Атәылауаҩшәҟәқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа иаку ацентр аус рыднаулоит, ацентртә сервер иахысуеит. Апаспорттә столқәа рыбжьара аимадара аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа имҩаԥыргоит. Аимадара азҵаарақәа зегьы зыӡбаны иҟало аԥсуа ҟазацәа ракәхоит”.

"Дарбанызаалак аҽаӡәы адәныҟатәи аҳа ихы изархәом. Асистема адәныҟантә аҭалара залшом. Иаркуп", — иҳәоит иара.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, атәыла анхарҭатә пунктқәа ԥшьба рҿы: Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рпаспорттә столқәа рҿы, Аҧсны атәылауаҩшәҟәы аҭара апроект актәи аетап хацыркхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0