Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра арежим аԥсахрақәа алагалахоит

© Sputnik / Екатерина Штукина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа Реилазаара
Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра (лаҵарамза 28 2012ш.) аԥсахрақәа алагалара азҵаараз ақәҵара апроект.

АҞӘА, мшаԥымза 15— Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра (лаҵарамза 28 2012ш.) аԥсахрақәа алагалара азҵаарз ақәҵара апроект. Абри атәы аҳәоит аиҳабыра рпресс-маҵзура.

"Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә ахәаахәҭра арежим азы аиқәшаҳаҭра (лаҵарамза 28 2012ш.) ишьақәнарӷәӷәоит алахәылацәа рхыдҵақәа, аҳазалхратә процедурақәа рырмариара", аҳәоит адырраҭараҟны.

Апроект иазыԥхьагәанаҭоит ззын алгаратә ҳазатә баџь рымшәо атауарқәа реиқәыԥхьаӡахь иаҵаркхарц анефҭтә битум. Иара убасгьы аԥкаанҵатә проект ала аиқәшаҳаҭра иалагалахоит аԥсахрақәа, атауар ахьынтәаагоу атәыла аилкаара аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0