Езаҭ Џьениа иусҭарҭаҟны иҟарҵо асувенирқәа зегьа аԥсуа культура, аԥсуара аныԥшуеит. Иара хықәкыла аԥсшьацәа рзыҳәан иҭижьуеит, дара рыблала дахәаԥшуеит, иргәаԥхаришь ҳәа дазхәыцуеит, рыблаҿы иааиртә еиԥш ахаҭабзиареи аԥшреи ҟаиҵоит.
"Сара исҭахуп иҟаҳҵо аҳамҭаҷқәа рыла Аԥсны рдыруа аинтерес рызцәырҵуа иҟаларц. Ҳнапкымҭақәа зегьы аԥсуара асиужет агәылсуеит, аҩырақәа ирнуи иара аиҿартәышьеи зегьы ҳмилаҭтә хаҿра аныԥшуеит",ҳәа иҳәоит аҟаза.
Езаҭ Џьениа инапы иҵыҵуа аҳамҭаҷқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп: аҳатәырақәа, аццышәҭрақәа, аиҷаҳаратә маҭәахәқәа, зегь реиҳа изызҵаауа акакәны иҟоуп аҩычагатә пано (декоративное пано).

1/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Акыр шықәса инеиԥынкыланы аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара инапы рылакуп Езаҭ Џьениа

2/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҟаза аидеиа анизцәырҵлак ашьҭахь днатәаны апластилин ала аԥшынра ҟаиҵоит, анаҩс ашҟә аҵарҭәоит, уи ашьҭахь асиликони, аформопласти ахархәарала акомпозициа ачаԥашьа шьақәдыргылоит.

3/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ашҟә аншәлак ашьҭахь, аформа иҭыганы, ҷыдалатәи амаруга ахархәарала ԥырхага ахьамоу зегьы дрыцқьоит

4/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳамҭаҷқәа зегьы ашҟә иалырхуеит

5/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡы ашҟә аналырыԥсуа ашьшьыҳәа иалырыԥсуеит, ианаҭаху аҷаб алырҭәуеит, аформа ашҟә анҭарҭәо ампышҭақәа ҟамларц азы ашьшьыҳәа иҭарҭәоит, аформа аԥырхага аиур аҳамҭаҷқәа ԥхасҭахоит.

6/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ашҟә арҩҩаразы 20 сааҭ иназынапшуа асувенирқәа аԥечка иҭарҵоит.

7/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳамҭаҷқәа напылеи, чыдалатәи амаругақәеи рыла иршәуеит

8/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥечка ианҭыргалак ашьҭахь асувенирқәа хынтә иршәуеит

9/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Езаҭ Џьениа иусҭарҭаҟны иҟарҵо асувенирқәа зегьа аԥсуа культура, аԥсуара аныԥшуеит.

10/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳамҭаҷқәа етап-етапла иршәуеит

11/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Езаҭ Џьениа ицех аҟны иҟарҵо аалыҵ зегьы ахаҭабзиара аҳаракыраз амаругақәа еигӡаӡом.

12/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҵыҳәтәантәи ацәаҳәаҟны ианааилак аҳамҭаҷқәа алак ахьыршьуеит

13/13
© Sputnik / Томас Тхайцук
Езаҭ Џьениа инапы иҵыҵуа аҳамҭаҷқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп: аҳатәырақәа, аццышәҭрақәа, аиҷаҳаратә маҭәахәқәа, зегь реиҳа изызҵаауа акакәны иҟоуп аҩычагатә пано