Ажьиҩы иаҳирбеит аԥсуа ҳәызба шыҟаҵатәу

Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәызба аҭоурых ашьаҭақәа ажәытәӡарахь ихоуп. Ҳабацәа урҭ рабацәа еснагь ирыман рхатәы ҳәызба, еиуеиԥшым рҭахрақәа рзы.

Итрадициатәу аԥсуа ҳәызба-ҿы 13-25 сантиметра иҟоуп. Ахәы жәабаҟа сантиметра инаӡоит.

Аҳәызба ахәы аиҳарак абӷаџьма, акамбашь, абнацә, ацә ртәыҩақәа ирылырхуеит. Ахархәара рымоуп арагәаԥшь иалырхуа ахәқәагьы. Аҳәызбахәы аиҳарак ихыгьежьаауп, аганқәа адыршәаҟьалоуп.

Аԥсуа ҳәызба арымарахь ала ирыҟәнырҵоит. Ахәы ахыркәшамҭаҟны амацәаз ҳасаб змоу агьыжь амоуп —аҳәызба аҭра аҭыгара зырмарио.

Аҳәызбаҭра аԥсуа ҳәызба ханарҭәаауазароуп. Иара амҿы иалхуп, ацәа иҭаӡны иҟарҵоит. Аҳәызба аҭра ианааланы иҭалароуп.

Аҳәызбаҭра хырҷазароуп еиуеиԥшым, аџьмацәа иалху аорнамент ала. Ажәытәан уи ацәашьашьын илыршьуан, алашьцараҟны цәашьра ауртәеиԥш.

Аҳәызба аҟаҵара хацдыркуеит аџыр 1300 — 1400°C рҟынӡа аршрала. Ажьиҩы аметалл ахәҭак аԥсынгьыри иқәҵаны дасуа, аҳәызбаҿы аформа аиҭоит, нас аӡыхьшәашәа иҭишьуеит, иӡрыжәуеит.

Аҳәызбаҿы иахәҭоу аформа анаиулак ашьҭахь, еиҭадырԥхоит, ахәша иӡааршьуеит. Уигьы аӡрыжәра иахәҭакуп.

Нас, амашьынка ҷыдала ирцәуеит, ацырцырраҟынӡа инаргоит.

Аԥсуа ҳәызба аҭоурых ажәытәра ҵаулахь аҟынтәи иаауеит. Аԥсуа шәарыцага ҳәызбеи аԥсуа ахьчаратә ҳәызбеи шәышықәсала иишыҟац. Еиҭакрак рымамкәа иаанхеит.

Аԥсуа ҳәызбақәа рҭоурых инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра

Аԥсуа ҳәызбақәа ирызку афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0