"Ацҳа" ахәаԥшраз фышәҩык рҟынӡа ауаа еизеит

© SputnikНаур Гармелиа иҭыхымҭа "Ацҳа" арбара.
Наур Гармелиа иҭыхымҭа Ацҳа арбара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арежиссиор ҿа Наур Гармелиа иҭыхымҭа "Ацҳа" арбара мҩаԥысуан Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҟны.

АҞӘА, мшаԥымза 19 – Sputnik, Владимир Бегунов. Арежиссиор ҿа Наур Гармелиа иҭыхымҭа "Ацҳа" арбара мҩаԥысуан Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҟны, азал уаала иҭәын. 

"Азал иакуеит 455-ҩык. Ауаа еиҳаны еизеит. Арадбжьарақәа рҟны игылан" — рҳәеит атеатр ахадараҟны.

Афильм дырбан хәыда-ԥсада. Арахь иааит аҭыхымҭа гәыԥ алахәылацәа зегьы. Урҭ напеинҟьарыла ирԥылан.

"Ахәаԥшцәа ҟалоит ҳәа агәрагара сыман, аха ариаҟараҵәҟьа ауаа еизап ҳәа сыҟамызт", — иҳәеит арежиссиор.

"Наур – режиссирҵәҟьоуп. Иара ифырхацәеи, иматериали, итемеи акыр иааигәаны иныруеит", — иҳәеит "Аԥсныфильм" астудиа адиректор Виачеслав Аблоҭиа.

Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит: "Аҭоурых акыр игәкажьгоуп, аха аҵыхәан алашара убартә иҟоуп. Ари аԥа аб иахь имоу абзиабара аарԥшроуп. Арежиссиор иҽацәимыхьчеит атәыла ахьаа абасеиԥш аарԥшра".

Аԥснытәи арежиссиор қәыԥш Наур Гармелиа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа режиссиор акинофестиваль аԥхьахә ианашьахеит

Арежиссиор раԥхьатәи иусумҭа, афильм азы асценари шықәсык аҟынӡа аус адиулон. Аҭыхрақәа ирҭыԥны Тҟәарчал ақалақь аликааит. Афильм асиужет Аԥсны имҩаԥысуеит. Ароль хадақәа ихәмаруеит Баслахә ақыҭантәи аҵаҩы Аслан Хиббеи арежиссиор иаб – Беслан Гармелиеи.

"Сара аинтерес сыман абарҭ аҭагылазаашьақәа раан ауаҩы ишизҳауа, иибо, иаҳауа", — иҳәеит Наур Гармелиа.

2016 шықәсазы афестиваль "Дух огня" аҟны аԥхьахә "Бронзовая тайга" аиуит Наур Гармелиа ифильм.

Ажәабжьқәа зегьы
0