00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
12 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Путин Шанхаитәи аиҿкаара аилатәара иалахәра, иҳәамҭақәа: аполитолог ихҳәаа
13:19
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Риҵатәи аҳәырԥсарраҟны ахаҳәқәа рлеира: аеколог ицәажәара
13:45
3 мин
Аицәажәара
Отаԥ аҳаԥы аҿы иазгәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усқәа:аиҳабы иҿцәажәара
13:48
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Озеленение, ремонт набережной, фасадов. О блгоустройстве Сухума заммэра
14:17
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
В помощь ребенку фонд "Ашана" проведет благотворительный марафон
14:44
27 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ацхыраара аиуеит

© Sputnik Роберт ДжопуаАминистрцәа Реилазаара аилатәара.
Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа Реилазаара еицҿакрыла рыбжьы рҭиит 2016 шықәса рзы 19 миллион мааҭ Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апроектқәа ааба ирзоужьхарц азы.

АҞӘА, мшаԥымза 19 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аминистрцәа Реилазаара еицҿакрыла рыбжьы рҭиит 2016 шықәса рзы 19 миллион мааҭ Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апроектқәа ааба ирзоужьхарц азы. Абасеиԥш ақәҵара рыдыркылеит аҩаша, мшаԥымза 19 рзы Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны.

Зураб Џьапуа: аҵарауаа ҿарацәа ацхыраара раҳҭалоит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Сериков иазгәеиҭеит арҭ апроектқәа рынагӡаразы хышықәса рыҩныҵҟа ишазыԥхьагәаҭоу 48 миллион мааҭ. Академиа иқәнаргылеит апроектқәа 30, аха афинансқәа рыҟамзаара иахҟьаны 2016 шықәса рзы абиуџьет аҟны иарбо 19 миллион мааҭ роуп.

Сериков иажәақәа рыла аҵарауаа аус адырулоит Аԥсны аҳауа аԥсахра, аекологиатә мониторинг асистема аиҿкаара, аҭыԥантәи, аӡра иаҿу аҵиаақәа рыҭҵаареи реизырҳареи, аминералтә ӡҵәыҵәқәа рыҭҵаара уҳәа ирацәаны аусхкқәа.

"Иҭыжьхоит аурыс-аԥсуа жәар, аус адулахоит аԥсуа бызшәа аҵаразы арҵага-методикатә комплекс", — иҳәеит Сериков.

Академиа анапхгаҩы Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит абри апрограмма аҵарауаа ҿарацәа рзы аҵак ду аманы, ицхыраагӡаны ишыҟоу.

Атәыла анапхгареи Академиа анапхгареи еицаԥырҵеит апрограмма — аҵарауаа қәыԥшцәа афинанстә цхыраара рызҭо. Абри атәы ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Зураб Џьапуа.

"Аҭҵаарадырреи анаука-техникатә политикеи рзы" азакәан, 2005 шықәса рзы ирыдыркылаз, ахәҭаҷ 15 рҟны иарбоуп Аҭҵаарадырратә академиа иаҵаку аинститутқәа аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи ироулароуп х-процентк ацхыраара ҳәа. Аха ари аус нагӡара амамызт. Ас иҟан иахьанӡа", — иҳәеит Џьапуа.

Апрограмма иалнаршоит аҵарауаа ҿарацәа агрантқәа рзоужьра, аиндаҭларатә шьаҭа змоу аусумҭақәа ралкаара. Иара хышықәса ҿҳәарас ҳәа иаманы ишьақәыргылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0