Авизақәа ралагалара амигрантцәа раара иаԥырхагамхеит

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАвизақәа
Авизақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусутә виза амигрантцәа ироурц рылшоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аконсултә маҵзураҟны. Абри ашьҭахь дара амедкомиссиа иахысроуп, ареспубликаҟны аусура азин рызҭо ашәҟәқәа реиқәыршәаразы.

АҞӘА, мшаԥымза 20 – Sputnik, Астанда Арӡынԥҳа. ИАР атәылақәа рганахьала авизақәа ралагалара ареспубликахь амигрантцәа раара иаԥырхагамхеит иҳәеит ҳкорреспондент длыҿцәажәо Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Алеқсеи Аџьынџьал. Аусутә виза амигрантцәа ироурц рылшоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аконсултә маҵзураҟны. Абри ашьҭахь дара амедкомиссиа иахысроуп, ареспубликаҟны аусура азин рызҭо ашәҟәқәа реиқәыршәаразы.

"Сара сгәаҭарақәа рыла амигрантцәа рхыԥхьаӡара еиҵамхеит. Ирацәаҩуп иҳадҵаало, аԥҟара ҿыцқәа еилызкаарц зҭаху. Ҳара урҭ Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аконсултә маҵзурахьы иҳашьҭуеит адокумент аиҿкааразы", — иҳәоит иара.

Иара иазгәеиҭеит аусурақәа зегьы мҩаԥызго Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аконсултә маҵзура ауп ҳәа. Аусутә виза шықәсык хынҩажәа доллар иаԥсоуп, фымз — ЗО доллар. Абри ашьҭахь дара амедкомиссиа иахысроуп, ареспубликаҟны аусура азин рызҭо ашәҟәқәа реиқәыршәаразы.

"Аусуразы азин иарбоу апроцедурақәа рышьҭахь ф-нызқьмааҭ артәоит, авиза ахаҭа — 1800 мааҭ, ашәахтә ҷыда — 1500 – 2000 мааҭ. Иааидкылан шықәсыбжак — 15-18 нызқьмааҭ. Урыстәыла аасҭа ари еиҵоуп", — иҳәеит Аџьынџьал.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Авизатә режим ганкахьала аԥыхра атәыла Ахада илшоит

Иара иҳәеит 2015 шықәса рзы атәымтәылауаа аҳәаанырцә ишырышьҭыз миллиардки 700 миллион мааҭ аԥара. Абиуџьет ахь иаларгалеит 25 миллион мааҭ.

2015 шықәса актәи азыбжазы ирыҭан 740 зин. Аҳәынҭбаџь иартәеит 3 миллионки 853 нызқьи 600 мааҭ. Сынтәазы ирыҭоуп 1676 зин.

"Амигрантцәа иҟарҵо аус ҳара ҳтәқәа ирҭахым. Ара аус руеит Узбеқсҭан, Ермантәыла, Украина, Иапониа, Конго, Китаи рҟынтәи амигрантцәа", — иҳәеит Аџьынџьал.

Иара ҳауаажәлар рахь ихы рханы иҳәоит азин змам ауаа аусурахь ирыдрымкылаларц. Урҭ амедкомиссиақәа ирхымсыцт, ргәабзиара аҭагылазаашьагьы еилкаам.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи Аԥсны Аҳәынҭқарра алҵреи рзы аԥҟаразы" азакәан аҟны иазыԥхьагәаҭоу аԥҟарақәа иалдыршоит атәыла иалалои иалҵуеи рхылаԥшреи рыԥхьаӡареи.

Иара убасгьы авизатә режим абиуџьет ахьгьы алагалақәа ҟанаҵоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи алҵреи рзы аԥҟарақәа" инақәыршәаны 2016 шықәса мшаԥымза 1 инаркны иалагалахеит авизатә режим. Арахь иаҵаркхом Урыстәыла, Никарагуа, Тувалу, Аахыҵ Уаԥстәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0