Sputnik, Астанда Арӡынԥҳа
Гәдоуҭа агәы
Гәдоуҭа иазку афотосахьақәа, абуклетқәа, ашәҟәқәа рҟны иарбоуп ақьырмыт ҟаԥшь иалху ахыбраԥшӡа асахьа. Ақалақь агәҭаҵәҟьа, Маан имҩеи афырхацәа рымҩеи реихысырҭаҿы игылоу ари ахыбра ақалақь иашьана ҷыдаҵәҟьаны иҟоуп. Аамҭақәак раԥхьа араҟа аус ауан адәқьан, ахьӡ ԥшӡа "Гәында" змаз.
"Ахыбра 1909 шықәса рзы иргылан. Уи ус шакәу ҳнарбоит аҭӡаҟны икыду аҩыра. Адәқьан аадыртаанӡа, ХХ ашәышықәса алагамҭазы араҟа аус ауан асасааирҭа "Империал".
Ахыб иқәгылоу асааҭи асаркьаласырҭеи 1924 шықәса рзоуп ианцәырҵыз. Иазыԥхьаӡоуп асааҭ Афон ҿыцтәи аберҭыԥ аҟынтәи иаагоуп ҳәа. Иҟоуп аҽа версиакгьы — акурантқәа абольшевикцәа афон ҿыцтәи аберҭыԥ аҟынтәи ирӷьычит, насоуп урҭ арахь ианаанагаз ҳәа. Урҭ зусҭцәаз, асеиԥш зыҟарҵаз атәы шымаӡаз иаанхеит.
Шәызҵәыуозеи?
Шәышықәса инарыцны аҭоурых змоу ари ахыбра аамҭа аҩымсит. Иара убасгьы рхара дууп ауаа. Ажәытәтәи аԥшӡара угәалазыршәо ҳәа улаԥш аанызкыло акгьы ыҟам. Ахыб иқәгылоу асааҭ акәзар аибашьра ашьҭахь хәышықәсаҟа аус ауан. Уажәы иаангылоуп.
Аиаша уҳәозар ахыбра хазына иахьатәи арыцҳара, агәыгәҭажьра зыхҟьаз аибашьра аасҭагьы ауаатәыҩса ргәымбылроуп. Иара шыҟаз азымхозшәа 2002 шықәса рзы ааигәа игылаз хыбрак аҿы абылра ҟалеит.
Абри аматериал аиқәыршәараан сара исымԥыхьашәеит 2012 шықәсазтәи "Республика Абхазиа" аномерк ианыз астатиа "Изеиԥшроузеи иахьа Гәдоуҭа ахаҿра?". Автор даара гәалсрыла далацәажәоит аҭагылазаашьа.
"Адәқьан "Гәында" иаҿаԥшьыз ахыбра амца анакы уахь инеиз ақалақьуаа рылаӷырӡқәа рзыҵәахуамызт. Сылаӷырӡқәа аауан саргьы. Ҳала ишабоз иблыр ауан ақалақь аҭаоурых ахәҭак, амца шеибакыз арахьгьы ииасыр. Исгәалашәоит ақаоақь анапхгараҿ иҟаз аӡәы "иҟалеи, бзырҵәыуои?" ҳәа дсазҵааит. Иахьагьы исыздырам уи сара сҟынтә иарбан ҭаку иаҳарц ииҭахыз".
Аамҭа маҷымкәа ишцазгьы уи ашьҭахь иҟоу шыҟац иаанхоит.
Изхарада? Иҟаҵатәузеи?
Гәдоуҭа араион Ахадараҟны ишҳарҳәаз ала аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы рзы аобиект арендла игоуп. Ус шакәугьы игәыгәҭажьны игылоуп. Арендла изгазгьы ак ҟасҵандаз ҳәа дашьҭам ҳәа.
Аӡәгьы изеилкаауам аобиект арендла иганы, аԥара ахшәаауа аха ухы ианаумырхәо ҵаҵӷәыс иамоу. Насоуп ианеилкааха арендагаҩ уи азы шәара ҳәа акгьы шыҟаимҵо. Амала ахыбра иара иҵанакуеит. Абри аҩыза аҭагылазаашьа рымоуп Гәдоуҭатәи аобиектқәа жәпакы. Алацәгьа иагьафом иагьаҭиуам захьӡугьы абри акәхап.
"Гәында" акәзар анцәа иџьшьаны насыԥк азкылԥхар ҟалап, избанзар аҵыхәтәантәи аамҭазы арендтә еиқәшаҳаҭра рыԥсахит. Уи мзызны иаиуит ааигәа зегьы злацәажәоз аҭуџьар Качикиан иҩны ақәгара.
Ацәгьа ҟамлакәа абзиагь ҟамлозаап
2016 шықәса ажьырныҳәа 15 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҟны хаԥышәарыла иқәган ХХ ашәышықәса алагамҭаз иргылаз, аҭуџьар Качикиан иҩны ҳәа изышьҭаз архитектуратә ҵакы зманы иҟаз аҩны. Акультура аминистрра Апрокуратура хадахьы азыҳәа нанашьҭит ашьауыс ахацыркразы. Иара убасгьы Акультура аминистрра Апарламент ахь аҳәара нанашьҭит аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчаразы азакәанԥҵара аԥсахрақәа ралагаларазы.
Аҭоурыхтәи акультуратәи баҟақәа закәаншьаҭада рықәгаразы Аԥсны АК ахәҭаҷ 241 иазыԥхьагәанаҭоит 50 000 инаркны 150 000 мааҭ рҟынӡа аштраф мамзаргьы шықәсык инаркны хышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.
Араион Ахада Руслан Ладариа иазгәеиҭеит "ари ахҭыс абри аҩны мацара шакәым изхьыз. Иара убасгьы ишыҟоу гәыгәҭажьрала изызнеиуа аҭоурыхтә обиектқәа".
Бзиараны иҟалаз, аҭыԥ змаз арыцҳара ауаажәларра абри апроблема иазхьанарԥшит.
Адәқьан "Гәында" аремонт азура
Аҭоурыхтә-культуратә баҟа аиқәырхаразы араион Ахадара ирыӡбеит ахыбра ақә дырҿыцырц. Уи иааннакылоит ахыбра ԥхьаҟатәи аԥхасҭахара. Иахьазы ахыбра ақә рҿыцуп.
Уи адагьы аҟазауаа аремонт азыруеит асааҭ ду. Ақалақь иалыҩлашт ушьҭа уи абжьы ҵары.
Асааҭ шыҟаз еиԥш еиҭашьақәыргылахоит. Ес 15 минуҭ асаркьал иаслоит. Дара рмеханизм даара иуадаҩуп, аха аиҭашьақәыргылара алшоит.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҭынҵахоит 795 000 мааҭ аԥара.
Гәдоуҭа ақалақь астатус аиуит 1970 шықәса рзы. ХХ тәи ашәышықәса алагамҭазы ара иргылан 434 нхарҭа ҩны. Урҭ реиҳарак злыхыз ақьырмыт ҟаԥшь акәын. Иарала ақалақь егьырҭ Аԥсны ақалақьқәа ирылукаауан. Иахьазы ақалақь аҭагылазаашьа угәы еиҵнахыртә еиԥш иҟам.
Иахьа ақалақь аҟны игылоу 80 ҭоурыхтә обиект зегьы аиҭашьақәыргылара, аиқәырхара рҭахны иҟоуп.