Гармелиа: "Ацҳа" ателехәаԥшралагьы идырбахоит, аха аамҭақәак рышьҭахь

© Sputnik / Томас ТхайцукНаур Гармелиа.
Наур Гармелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афильм "Ацҳа" арежиссиор еиҭеиҳәеит ароль хадазы ихәмаршаз дшиԥшаауаз, аҭыхрақәа шцоз ртәы.

Арежиссиор қәыԥш Наур Гармелиа ифильм "Ацҳа" апремиера мҩаԥысит Аурыс драматә театр аҟны ашәахьа, мшаԥымза 18 рзы. Арежиссиор Наур Гармелиа ҳкорреспондент Владимир Бегунов изеиҭеиҳәеит ароль хадазы ихәмаршаз дшиԥшаауаз, аҭыхрақәа шцоз, насгьы ифильм ала ииҳәарц ииҭахыз ртәы.

Ҩышәнызқь мааҭ иаԥсоу акино

- Наур, уажәы узҿузеи,аҵара уҵома, аус ууама?

— Санкт-Петербургтәи акинои ателехәаԥшреи ринститут салгоит. Сергеи Снежкин иҟазарҭаҟны аҵара сҵоит. Уи адагьы "Ленфильм" аҟны арежиссиор ихаҭыԥуаҩыс аус зуеит. Уажәазы Ҟазахсҭан Ахада изку абиографиа-сахьаркыратә фильм аус адулара салахәуп.

"Ацҳа" ахәаԥшраз фышәҩык рҟынӡа ауаа еизеит

- "Ацҳа" ада аҽа усумҭақәак умоума? Урҭ рбара абалшо?

— Џьаргьы. Сара зметраж кьаҿу аҭыхымҭақәа ҟасҵеит аҵара санҭаз, аха урҭ рцәыргара сҭахым, иуашәшәыраны избоит.

- "Ацҳа" аидеиа шԥаузцәырҵи?

— Ҵаратә дҵан. Бжьыдатәи аетиуд ҭыхтәын. Асценақәа реиҳарак Аԥсны, сқыҭа Гәыԥ иҭыхуп, иҟоуп Тҟәарчал иҭыхугьы. Аҭыхра хымз садхалеит, настәи аус адулара – ҩы-шықәса.

- Асҟак аамҭа загазеи?

— Ҳара Аԥсны абжьы ҭаҳмыҩӡеит, уи "Ленфильм" аҿоуп иахьыҟаҳҵаз. Уа апроектқәа рацәоуп, агәаран ыҟоуп. Ҳаԥшыр акәхеит. Аамҭа анааи аусура ҳалагеит аха иаҳзыԥҵәаз аамҭа аҽҭагӡара ҳахьымӡеит. Аҽазныкгьы азыҳәа ҟаҳҵеит…

- Заҟа иаԥсахазеиа афильм аҭыхра, насгьы аԥара абантәиуоуи?

— Аҭыхра 200 000 мааҭ рҟынӡа артәеит. Урҭ аԥарақәа сара Акультура аминистрреи, Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилаки, аилак "А-Мобаили" исырҭеит. Иахәҭан иҟаз амыругақәеи арлашарақәеи "Ленфильм" иснаҭеит.

© Фото : предоставлено Науром ГармелияРежиссер Наур Гармелия с исполнителем главной роли Асланом Хиба на съемках художественного фильма "Мост".
Режиссер Наур Гармелия с исполнителем главной роли Асланом Хиба на съемках художественного фильма Мост. - Sputnik Аҧсны
Режиссер Наур Гармелия с исполнителем главной роли Асланом Хиба на съемках художественного фильма "Мост".

Иназыхоу ателепремиера

- Апремиера мҩаԥысит. Ақалақьуаа афильм рбеит. Аха Аԥсны зегьы ирбартә ианбаҟало? Ателехәаԥшрахьы ианбацәырҵуеи?

— Ателехәаԥшрахьы макьаназ – мап. "Ацҳазы" азин змоу "Лефильм" ауп. Уаҟа иргәиҭоуп иара лассы германиа имҩаԥысраны иҟоу астуденттә кино афестиваль ахь ирышьҭырц. Уи ашьҭахь акәхоит ателехәаԥшрала арбарагьы аныҟало.

- Афильм аҟны апрофессионалтә актиорцәа хәмарӡом. Ихәмарыз шԥашәыԥшаауаз?

— Профессионалк дыҟоуп: Нури Џьынџьал Тҟәарчалтәи акомедиатә театр дартиступ. Афильм аҟны атракторрныҟәаҩ ироль дыхәмаруеит. Афырхаҵа хада акраамҭа ҳишьҭан. Раԥхьа аҽаӡәын иалаҳкааз, аха нас дҳаԥсахит.

Ашколқәа рҟны алԥшаарақәа мҩаԥаагон. Аслан Хьибба Баслахә дҳаԥшааит. Даара аталант змоу хәыҷуп. Егьырҭ афырхацәа араион ауааԥсыра роуп.

- Очамчыра апремиера амҩаԥгара агәаҳәара умаӡами?

— Актиорцәеи иара ус Очамчыра ауааԥсыреи апремиера иалахәын. Сара, ҳәарада, афильм зехьынџьарагьы идсырбарын аха, зегь сара сакәым изылшо. Афестивальқәа шхыркәшахалак зегьы ирбартә иҟалоит.

"Ацҳа" аҵакы

- Избан ипрофессионалмыз ауаа залухыз?

— Исҭахын асахьаркыратә фильм аҟны адокументалтә еффект арбара Витторио Де Сикка иҟнеиԥш, Кането Синдо иҟнеиԥш.

- Иабаҟоу иара ацҳа ахаҭа?

— Тҟәарчал анаҩс, ашахтақәа рааигәара. Аԥхьа аҽа цҳак алаҳхит аха уаҟа аҭыхрақәа шәарҭан. Ҳаҟәыҵит.

Аурыс драматә театр аҟны ифильм "Ацҳа" апремиера ҟалоит

- Ацҳа аԥхьагьы асценари иалазма, мамзаргьы иара аныжәба алагалара шәҭаххоу?

— Ацҳа аханатәгьы иҟан. Асценари жәаҩантә еиҭаҩын, аҩбатәи аредакциаҟын ауп ахьӡгьы анаиу. Сара ибзианы издыруан Аԥсны исҭаху аҩыза ацҳа шсоуаз.

- Иарбан хшыҩзышьҭроу "Ацҳа" иаҵоуҵаз?

— Сара исҭахын авулкан аԥжәараамҭақәа рыбжьара ауаа рынхашьа ацәыргара. Исҭахын иқәсыргылар азҵаара аԥжәареи аԥжәареи рыбжьара анхара хшыҩҵак амоума ҳәа. Аԥжәара ҳәа ззысҳәо аибашьроуп.

Апатриотизмреи апрофессионализмреи

- Шәара уажәы Урыстәылоуп шәахьыҟоу. Аԥсныҟа ахынҳәра шәгәы иҭоума?

— Мап, аха лассы-лассы саалоит. Аԥсны иҟам акиноиндустриа. Аус улатәуп уи азы алшара ахьыҟоу. Насгьы араҟа апрофессионалтә кино злаҭухуеи иахәҭаны иҟоу амыругақәа ыҟамзар.

- Иҟалон акинофестиваль амҩаԥгара аҭагылазаашьа аԥсахыр?

— Иҟалоит, аха афестиваль аӡбахә абоуҳәари акиноиндустриа ыҟамзар. Аҽа ганкахь ала афестиваль иалнаршар ауеит акиноиндустриа ашьаҭаркра. Сара уи акыр сазхәыцхьеит. Аибашьра ашьҭахь ами ианцәырҵыз франциатәи "Новаиа волна", италиатәи анеореолизм, асовет кино ашедеврқәа…

- Шәара шәхаҭа бзиа ижәбо зеиԥш киноузеи?

— 1960-1970-тәи ашықәсқәа ркино – Тарковски, Куросава, Феллини, Антаниони, Скорсезе, Коппола.

Ажәабжьқәа зегьы
0