Абиԥара ҿа рааӡараҿы арҵаҩы имоу алшареи, иду аҭакԥхықәреи алкаа ҟаҵаны иуысура ҳаҭырла дазнеиуеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ анапхгаҩы Саид Гәынба.
Гәдоуҭа араион иахьа аус руоит 30 школ. Урҭ напхгара рызҭо адиректорцәа даарылукааратәы дыҟоуп, иқәыԥшу, аха аҭакԥхықәра ду зцу амаҵура ныҟәызго, аҭоурых ду змоу Мгәыӡырхәатәи ашкол анапхгаҩы Саид Гәынба.
2004 шықәсазы Саид Гәынба далгеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ, иара уи ашықәсан дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет. Иҵара хирқәшаанӡа ашкол аҟны аҭоурых рҵаҩыс аусура далагоит.
"Ашкол саналга сҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет. Ауниверситет салгаанӡа, сышкол гәакьахь аҭоурых рҵаҩыс сааит аусура. Аиашазы, сыԥсҭазаара зегьы арҵаҩра иадысҳәалоит ҳәа сгәы иҭамызт, шықәсык ҩы-шықәса аус аауны саҟәыҵуеит ҳәа стәан, аха самҽханакит арҵаҩра, шықәсыктәи сусура анаҩсан схәыцрақәа даҽакхеит, арҵаҩы изанааҭ даҽакала сахәаԥшуа салагеит, абар шьҭа аа-шықәса ҵуеит сара сзааӡаз арҵаҩцәеи сареи ҳаивагыланы аус аауеишьҭеи", — ҳәа раԥхьатәи ирҵаҩратә шьаҿақәа игәалаиршәоит Саид Гәынба.
Арҵаҩы ихьӡ иарбан ҳәынҭқарразалак аҟны иҳаракызар ауп, арҵаҩы иџьабаа аларҟәра, агәыҵасра иашам.