00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Дамеи Қәычбериа ицхраатәуп

© SputnikЖәымз зхыҵуа Дамеи Қәычбериа ацхыраара иҭахыуп.
Жәымз зхыҵуа Дамеи Қәычбериа ацхыраара иҭахыуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" ихацнаркит жәымз зхыҵуа Дамеи Қәычбериа игәабзиара аиҭашьақәыргылараз аԥарақәа реизгара.

АҞӘА, мшаԥымза 28 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Афонд "Ашана" ихацнаркит жәымз зхыҵуа Дамеи Қәычбериа игәабзиара аиҭашьақәыргылараз аԥарақәа реизгара. Дамеи хәыҷ изықәгыло адиагноз (остеогенез) инақәыршәаны Москватәи ахәышәтәырҭа Global Medical System Clinic аҟны дрыдыркылараны иҟоуп, ҳәа ҳалҳәеит Афонд аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа.

Дамеи Қәычбериа ичымазара шамахамзар иуԥымло, агенетикатә ҟазшьа змоу чмазароуп. Даниуаз инапы, ишьапы, ижәҩахыр ԥыҵәҵәаны диит.

Ахәыҷы иҭаацәа асеиԥш чмазарак ыҟоуп ҳәагьы рмаҳацызт. Дамеи иан, Џьени Қәчбериа ахәыҷы ичымазара иахҟьаны еснагь дышьҭазароуп лҳәеит.

"Иара дзыҳәазом иқәра иақәшәо еиԥш, ихы изаанкылом. Ибаҩқәа акыр иуашәшәыроуп. Ишьҭыхраҵәҟьа ҳацәшәоит. Адунеи иқәу иреицәазар ҟалап ухәыҷы унапаҿы данузымкуа, уанзимылахәмаруа", — лҳәеит ан.

Дамеи иҭаацәа ирылшо ҟарҵоит рхәыҷы ԥхьаҟа зны ихала дныҟәартә еиԥш дҟаларцаз. Аха иахәҭоу амедицинатә цхыраара ада ахәыҷы дхымхәахар алшоит.

Дамеи иҩызоу ахәыҷқәа "асаркьалыхқәа" ҳәа ирышьҭоуп.

Николь Џьинџьолиа. - Sputnik Аҧсны
Николь Џьинџьолиа лыхәшәтәра иацҵатәуп

Москватәи ахәышәтәырҭа Global Medical System Clinic аҟны дрыдыркылараны иҟоуп, ҳәа ҳалҳәеит Афонд аусзуҩ Мактина Џьынџьалԥҳа. Уаҟа имҩаԥыргараны иҟоуп шықәсык ахь 3-4- памидронат захьӡу ахәшә ала ихәышәтәра.

"Ахәышәтәра курск ахәԥса 460 000 мааҭ аҭахуп. Ахәышәтәра иалнаршоит иҿыцу аԥыҵәҵәарақәа рыҟамлара. Абаҩқәа еиҳа иӷәӷәахоит", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Агенқәа рҽеиҭакра ачымазара ԥшьы-хкыкны еихшоит. Зегь раасҭа иуадаҩу ҳәа иршьоит ахәыҷы амгәарҭаҟны ибаҩқәа анхәашо. Афонд аусзуҩ илҳәеит абри аҩыза ачымазара аганахьала аҽа ҭаацәаракгьы Афондахь ишыдҵаалахьоу. Урҭ фышықәса зхыҵуа Аслана Џьынџьалԥҳа лҭаацәа роуп. Аслана хәыҷы Москватәи ахәышәтәырҭаҟны 15 курс дырхысхьеит. Ԥшьышықәса рыҩныҵҟа ахәыҷы лыбаҩқәа ӷәӷәахеит. Иахьа лхала дныҟәоит, дыҩуеит, дыԥоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0