Америкеи Европеи СССР анацизм аиааираҿы инанагӡаз ароль рыздырӡом

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа атәылауаа изазҵааз рҟынтәи СССР ауп ароль хада назыгӡаз ҳәа изыԥхьаӡо рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәоуп егьырҭ атәылақә рҿы аасҭа.

АҞӘА, лаҵарамза 5 — Sputnik. Еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus, аҭҵааратә еилакқәа Forsa, iFop иҟарҵаз азҵаарақәа шьаҭас иҟаҵаны, Sputnik. Агәаанагарақәа иаанацҳауеит: азҵаара "Аҩбатәи адунеитә еибашьраан анацизм аиааираҿы ихадаз аҭыԥ аанызкылада (Британиа Ду, СССР, ЕАШ (США), аҽа вариантқәак, "исыздырам")?" аҭакс изазҵааз рахьтә 15% ирыԥхьаӡоит СССР ауп ҳәа.

ЕАШ (США) атәылауаа реиҳараҩык 79%, Франциа атәылауаа — 58%, Германиа атәылауаа — 58% иазырыԥхьаӡоит АЕШ (США) арратә мчқәа роуп ароль хада змаз ҳәа афашизм аиааираҿы. Иара убри аан, Британиа Ду атәылауаа реиҳараҩык (59%) ирыԥхьаӡоит Британиа Ду ауп аԥыжәаратә роль назыгӡоз ҳәа. Урҭ рҟынтәи АЕШ (США) ауп ҳәа ирыԥхьаӡоит 11%, 15% ирыԥхьаӡоит СССР ауп ҳәа.

Германиа атәылауаа изазҵааз рҟынтәи СССР ауп ароль хада назыгӡаз ҳәа ирыԥхьаӡоит 24%, (Мраҭашәаратәи Германиа —16%, Мрагыларатәи Германиа — 55%, Берлин — 35%). Изызҵаау америкауаа рҟынтәи СССР аԥыжәара арҭоит 7%, Франциа усеиԥш ирыԥхьаӡоит — 12%.

© SputnikАгәаанагарақәа
Агәаанагарақәа - Sputnik Аҧсны
Агәаанагарақәа

Иҟоуп анацизм аҟынтәи ахақәиҭра аазгаз аҽа тәылақәоуп ҳәа изшьауагьы. Урҭ рхыԥхьаӡара 1-2% иҟоуп.

СССР ароль адкылара аҵыхәтәантәи а-70-шықәса рыла акыр аҽаԥсахит. Абри атәы унарбоит Франциа ауаажәларратә гәаанагара аҭҵааратә институт iFop аҭҵаарақәа. Парижаа СССР ауп алагала еиҳа ҟазҵаз ҳәа 1944 шықәса рзы ирыԥхьаӡон 61%, 2004ш. рзы — 20%.

ЕАШ(США), Британиа ду азҵаарақәа мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилакы Populus 2016 шықәса мшаԥымза 15 инаркны 21 рҟынӡа аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Германиа – аилак iFop, (мшаԥымза 14-18). Азҵаарақәа ирылахәын ареспондентцәа – Британиа ду, Еиду Америкатә Штатқәа, Германиа, Франциа рҟынтәи.

Изызҵаау еихыршон шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0