Арусҭан Шьаҳан-иԥа Арӡынба диит 1905 шықәса рзы Аҷандара ақыҭан. 1936 шықәса рзы далгеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт, аҭоурых-литературатә факультет. Аибашьра алагамҭаз Аԥснытәи акомиссариат аҟны аус иуан, аҵараз жәлар ркомиссар ихаҭыԥуаҩыс. Дҭаацәаран. Ҩыџьа ахшара драбын.
Иусурҭа ҭыԥ аҟны "аброн" ҳәа изышьҭаз рырҭон, арратә уалԥшьа аҟынтәи рхы иақәиҭызтәуаз. Аха Арусҭан хатәгәаԥхарала Ар Ҟаԥшь дрылалеит.
"Иԥшәмаԥҳәыс Евгениа Леонид-иԥҳа еиҭалҳәон Арусҭан аибашьрахь ицара атәы. 1941 шықәса, ԥхынгәы 22. Ашьыжь. Арусҭан аҩны дындәылҵын ашҭа днықәлеит. Аамҭақәак рышьҭахь даахынҳәит. Иҿаԥшылара акыр ицәгьан. Ба-ҽыҭк инапы иакын. "Ибаҳазар акәхап анемец фашистцәа шҳақәлаз. Абри аба иалхны сакәлеик сзыӡах. Амҩахь исҭаххашақәакгьы сызҭаҵа", — иҳәеит иара.
Абасоуп ишиҩуа ари ахҭыс аӡбахә аҵарауаҩ Шьурбеи Царгәыш, агазеҭ "Бзыбь" аҟны (№47 16.07.1981ш.).
Афронт аҟынтәи асалам шәҟәқәа
Афронт аҟны Арусҭан Арӡынба 121-тәи ахысратә дивизиа, 705-тәи ахысратә полк арота акомандир ихаҭыԥуаҩыс дыҟан аполитхәҭа аганахь ала. 121-тәи адивизиа аибашьцәа 1942 шықәса рзы афырхаҵареи агәымшәареи аадырԥшит Воронеж ахьчараан.
"Сыжәбар, сшәыздырам. Ақалақь абжа ахы иақәиҭаҳтәит. Аӷа ԥхьаҟа ицара ҳхәаҽит. Иаанхаз ахәҭагьы лассы ахы иақәиҭхоит", — иҩуан Арусҭан афронт аҟынтәи.
Арусҭан Арӡынба дахьеибашьуаз архәҭа асолдаҭцәа хацәынмырха Воронеж рыхьчон. Асолдаҭцәа Арусҭан игәра ргон. Иара урҭ ирылаиааӡон аԥсадгьыл ахь абзиабара, афырхаҵара. Урҭ иара ихаҭагьы илан.
"Аԥсуа шьхақәа рааӡамҭа Арусҭан урыстәылатәи адәкаршәрақәа дырхысны дцон аӷа шьҭахьҟа дыԥхьацо. "Кукочка, ҳар рықәҿиарақәа ртәы шәаҳахьазар акәхап. Ирацәамзаргьы сара сылшарақәакгьы уа иҟоуп. Иаҳҭаху зегь рыла ҳаиқәшәоуп: афатә-ажәтә, амаҭәа, абџьар. Иааинырслан ауп ашәҟәы шышәзызыҩуа. Африц дықәаҳцашт. Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа ишаҳдырбо ала уи ҳақәҿиоит, абзиараз. Лассы-лассы ашәҟәқәа сзыжәыҩла. Кукочка, зегь асалам сызрыҭ. Арусҭан". — 1943 шықәса ажьырныҳәа 10 рзы Арусҭан Аԥсныҟа иааишьҭыз асалам шәҟәы атекст ааигоит аҵарауаҩ.
Ашәаџьҳәадырра
Абри ашәҟәы аниҩ ашьҭахь рацәак аамҵыцкәа Арусҭан дҭахоит фырхаҵарыла.
"Аповестка ааит 121-тәи ахысратә дивизиа алеитенант Арусҭан Арӡынба Воронеж амҵан хабарда дыбжьаӡит ҳәа. Аҭаацәа акраамҭаӡа уаҳа ихабарк рыздырамызт", ҳәа еиҭалҳәоит аибашьҩы имоҭа Гета Арӡынԥҳа.
1980 шықәса рзы Гета лан, Диана Чыкәбарԥҳа, Аԥсны акомҿареидгыла аобком амаӡаныҟәгаҩыс аус анылуаз, Иреиҳаӡоу акомҿареидгылатә курсқәа рахь дышьҭын лдырра аизырҳаразы. Усҟантәи аамҭақәа рзы арҭ аслиотқәа рҿы аҵаразы еизон СССР зегьы аҟынтәи аобкомқәа рмаӡаныҟәгаҩцәа.
Аҭагылазаашьа лхы иархәаны лара еизаз рахь лхы нарханы аҳәара ҟалҵеит арратә комиссариатқәа рыцхыраарала хабарда ибжьаӡыз Арӡынба Арусҭан Шьаҳан-иԥа изку адыррақәа рыԥшаара алдыршарц.
"…Сџьашьара ҳәаа амамызт азал аҟны итәаз рахьынтәи аҭыԥҳа қәыԥш лнапы данҩаха. Уи, лыхьӡ заҵәык ауп исгәалашәо, Наталиа, Воронежтәи акомҿареидгыла аобком амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Лара дҩагылан илҳәеит ажәла шлаҳахьоу, ишылдыруа, избанзар рықалақь аҟны игылоу афырхацәа робелиск аҟны иануп ҳәа", илгәалалыршәоит Дина Чыкәбар ари ахҭыс.
Наталиа илҳәеит Арӡынба аиашьаратә нышәынҭраҿы анышә дамадоуп ҳәа.
"Ижәла лгәалашәон аха ихьӡи иабхьӡи лгәалашәомызт. Иаарласны зегь еилыскаауеит, адыррақәагьы Аԥсныҟа инасышьҭуеит лҳәеит. Ус иагьыҟалҵеит. Акурсқәа рҟынтәи саныхынҳә адырҩаҽныҵәҟьа аҭел дысзасит. "Ижәла, ихьӡ, иабхьӡ – зегь еиқәшәеит", — лҳәеит лара лылаӷырӡқәеи лгәырӷьареи еилаҵәо", ҳәа еиҭалҳәоит Дина Чыкәбарԥҳа.
"Акыр шықәса шцахьоугьы ибзианы исгәалашәоит 1981 шықәса маи 9 рзы ҳауа-ҳҭахыра, Арусҭан иаҳәшьа Шамониа Арӡынԥҳа, лԥа – Асҭамыр, иашьеиԥа Лева Арӡынба, уи иԥшәмаԥҳәыс Тома Папԥҳа Воронежҟа амҩа ишықәлаз. Уа зегьы амитинг ишалахәыз. Амитинг аҟны инаҵшьны ишалацәажәоз Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи аиааиразы рлагала ду атәы", ҳәа азгәалҭоит Чыкәбарԥҳа.
Арӡынаа рҭаацәаратә архив аҟны иҵәахуп 1981 шықәса рзы иҭыҵыз "Республика Абхазиа" аномер, абри ахҭыс атәы зҳәо, афотосахьақәа ацҵаны.
"Сынтәа, маи 9 рзы аиашьаратә ԥсыжырҭа №18 аҟны имҩаԥысит амитинг ду. Арахь иааины иҟан аибашьҩы Арӡынба иуацәеи иҭынхацәеи: Арусҭан иаҳәшьа Шамониа Арӡынԥҳа, лԥа – Асҭамыр, иашьеиԥа Лева Арӡынба, уи иԥшәмаԥҳәыс Тома Папԥҳа. Урҭ араҟа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Уахь инаргеит аҷандаратәи анышә уаԥсҵәык азна. Амитинг аҟны иқәгылоз ахцәажәон аԥсуаа Арусҭан Арӡынбеи Аршба Валикои рыӡбахә. Амемориал №18 иахылаԥшуеит ашкол №20 аҵаҩцәа. "Ушьҭа сгәы ҭынчуп" лҳәеит Арусҭан иаҳәшьа Шамониа, Аҷандаратәи анышә лашьа игәы иқәыԥсо", ҳәа ануп астатиаҟны.
Аҭынч занааҭ змаз аибашьҩы
Арусҭан Арӡынба аибашьра иалагаанӡа аҵаразы Жәлар ркомиссариат аҟны иусураан аҵаратә программақәеи анаука-методикатә литература аиқәыршәареи инапы ианын. Аԥсуа школқәа 5-8 аклассқәа рзы аурыс литература ахрестоматиа авторцәа дреиуан. Иара убасгьы Николаи Гериеи иареи еицеиҭаргон ВКП(б) аҭоурых.
Арусҭан Арӡынба иара убасгьы аиҭагара инапы алакын. Инапы иҵиххьан Даниель Дефо иҩымҭа "Робинзон Крузо", еиуеиԥшым ахәыҷқәа рзы ашәҟәқәа. Аиҭагара даҿын Шоҭа Русҭавели "Абжьас-цәа зшәу". Иахьазы уи иеиҭагамҭа ыӡуп.
"Санду, Евгениа Леонид-иԥҳа, Арусҭан Шьаҳан-иԥа афронт ахь данца ашьҭахь иааишьҭыз ишәҟәаҿы иҟаиҵаз аҳәарала анапҩымҭа аԥшаара дашьҭалеит аха илҵшәадахеит лыԥшаарақәа", ҳәа лгәалалыршәоит Гета Арӡынԥҳа.
Сабду изку сажәабжь хсыркәшар сҭахуп апрозаик, апублицист Никәала Ҳашыг иажәақәа рыла:
"Сара схәыҷқәа ашкол ахь ианца, аԥхьара аинтерес анышьҭырх исгәалашәеит саныхәыҷыз аԥсышәала "Робинзон Крузо" иснаҭоз агәырӷьара. Исыӡбеит уи аныҳәа гәырӷьахә схәыҷқәеи урҭ рҩызцәеи ирзысшарц. Уи азы ашәҟәы ақырҭуа графика аҟынтәи ҳаамҭазтәи ашрифт ахь ииагатәын. Абасала исызцәырҵит аидеиа — ашәҟәы аиҭаҭыжьразы. Сара сеигәырӷьан уи нап асыркит. Иагьызбеит аиҭагамҭа ахаҭабзиара бзиаӡа шамаз. Аԥсуа бызшәа абеиара зегьы аиҭагамҭахь ишиагаз. Ҳәарада сара дсыздырамызт Арусҭан Шьаҳан-иԥа. Аха иеиҭагаратә бызшәа шыҟаз ала уи аҵара бзиа змаз уаҩын. Уи адагьы ԥсабаратәла аҟазара илан. Абасеиԥш иԥсҭазаара кьаҿымхазҭгьы ҳәарада илшамҭақәа акыр ирацәахарын", ҳәа иҩуеит Никәала Ҳашыг "Робинзон Крузо" аиҭаҭыжьраан иациҵаз аԥхьажәаҟны.