Сара Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкыз акиносахьақәа збахьан, ашәҟәқәа рҟны саԥхьахьан аҭоурыхқәа, аха реиҳа сгәаҟны иаанхаз сабду, Ҟәыруа Мақсим Мага-иԥа изкны аҭаацәараҟны инеимда-ааимдо еиҭарҳәоз ажәабжьқәа роуп.
Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа сабду аус иуан Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҟны.
Аибашьра ианалага, ҩеижәи ԥшьба шықәса зхыҵуаз аԥсуа рԥыс хатәгәаԥхарала аибашьра дцеит. Иара далан Ажәаатәи ар, Тамантәи 395-тәи ахысратә девизиа.
Анцәа афырхаҵара бзиа ибоит
Сабду дхәыҷаахыс шәара зламыз иакәын. Аибашьра аамҭа уадаҩқәа раангьы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа раԥхьатәи рцәаҳәаҟны дгылан.
Архәҭахь даннеи иара аԥшыхәра аинтерес икит. Бзиа ибон аԥшыхәҩы илшара аҵак ду иамаз.
Аполк аҟны сабду аԥшыхәҩы иҟазара амаӡақәа аҵидырааит, аибашьра адәаҟны акәзар ифырхаҵареи игәымшәареи зегьы еицгәарҭеит.
Аиааираз агәаҳәара
1941 шықәса, ҭагалан Ворошиловоград ашахтиорцәа рыла еиҿкааз ар аӷа дкаҟьаны мрагылараҟа ицон. Уахи-ҽни еиԥҟьомызт аибашьра. Аԥшыхәцәа ракәзар арымӡаа ус рыман: анапхгара аӷа изы адырра ҿыцқәа рҭахын.
Сабду лассы-лассы инапы ианырҵон аҵак ду змаз адҵақәа.
Зны, аԥшыхәратә гәыԥ акомандир, аполковник Дмитри Лавренти-иԥа Свиатун идҵала сабду адҵахьы, агәыԥ ахадас даҭаны дышьҭын. Аԥшыхәцәа ргәыԥ аӷа аԥхьатәи ицәаҳәахьы инеиит. Ирҭахыз адыррақәа зегьы еизганы шьҭахьҟа игьыжьит.
Агәыԥ зегьы аҳамҭақәа ранашьан. Сабду "Агәымшәараз" амедал ианашьан. Ари аҳамҭа иара изы раԥхьатәин.
Сабду игәалашәараҟны иаанхеит аԥшыхәыҩцәа гәымшәаны, рхы агәра рго иҟазарц азы ркомандир иҿырԥшы зегь раасҭа аҵакы аман иҟоуп ҳәа рырҵаҩы ииҳәоз. Мақсим Ҟәыруа иакәзар еснагь ихы агәра игон. Ицеибашьуазгьы ҳаҭыри патуи иқәырҵон.
Афырхаҵа ахьӡ даԥшаауиет
1943 шықәса рзы акәын. Ҟәбина, сабду дызлаз адивизиа аӷа иқәлара рҽаздырхион.
Иҩызцәа аԥшыхәыҩцәеи иареи рнапы ианын Ҟәбина аӡиас ирсны, аӷа итыл ахь инеины ишалшо ала "абз" аагара.
Ауха аҵх лашьца рҽалакны аӡиас ирит, аӷа аԥхьатәи ицәаҳәа иахысны амҩа ааигәара рҽааныркылеит.
Сааҭк рҟынӡа анышәаӡа иқәианы иԥшын, аха алемсаа рхабарк рбомызт.
Ус быжьқәак аагеит. Ҩеижәаҩык рҟынӡа алемсаа еицны иаацәырҵит. Арахь аԥшыхәцәа хҩык роуп иҟоу.
Сабду хара-хара ҳҽышьҭакны иааиуа ааигәаӡа иаашьҭны амца рыжәҵатәуп ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Алемсаа зынӡа иааигәаӡаны инарышьҭит, амцагь нарыжәырҵеит. Убас еиларҵеит, алемсаа ирыкәшаз рацәаҩуп ҳәа иршьан рхы рырҭеит. Ҳаԥшыхәыҩцәа хҩык жәохәҩык рҟынӡа аӷа исолдаҭцәа тҟәаны иргеит.
Абри аоперациазы сабду ианашьан Ахьӡ-аԥша ахԥатәи аҩаӡара аорден.
Иарбанызаалак аоперациақәа рҟны сабду иааирԥшуан афырхаҵареи агәымшәареи.
Аибашьра-дәы аҟны аӡәгьы деибашьҩуп
Аиҳарак сабду иҽаликаати Мальмиц ақыҭазы аибашьраҟны (Польша). 1945 шықәса жәабран 5 рзы апулимиотқәа ҩба рҭыԥ гәаҭаны иҭеирхеит абатареиа амца раарханы. Убри ала ҳар ԥхьаҟа реиҭаҵрагьы алиршеит.
Иара убасгьы аӷа иконтрҿагылара аԥирҟәҟәааит. Мышкы ахы-аҵыхәала сабду иҟаиҵоз акоррактировка алҵшәала аӷа иконтрҿагыларақәа ҩба аԥырҟәҟәаан, иҭархан атанк, акәылӡытранспартиорқәа акы, апулемиотқәа хԥа.
Аибашьра адәаҟны Мақсим Ҟәыруа илшоз зегь ҟаиҵон атәыла ахақәиҭтәразы, аӷа ииааиразы.
Зегьы аиааиразы
Кавказ инаркны берлинынӡа аибашьра амца мҩа данысит сабду. Аиааира амш даԥылеит 1945 шықәса лаҵарамза 9 рзы.
Сабду дызлахәыз архәҭа аиааира ашьҭахьгьы ақалақь арыцқьара рнапы ианҵан. Убасҟан ауп данырхәызгьы.
Аҭынчра ашьҭахь аҩныҟа!
Аибашьра мҩа ианысыз сабду Аԥсныҟа дхынҳәит Аибашьра аинвалид ҳәа.
Аҭынч ԥсҭазаара иазыхынҳәыз сабду имчқәа уи иазикит. Иԥсҭазааратә ԥышәа еиҵагылоз аҿар ирымеидон.
Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы сабду иҩызцәа дышрымадаз даанхеит. Мышк ахы-аҵыхәа иҩызцәа рыӡбахә даналамцәажәоз ҟаломызт.
Аибашьра амҩаду урҭ рыԥсҭазаарақәа еиднаҳәалеит ԥытлара ақәымкәа.
Есышықәса икомандир иҭаацәеи иареи сасраҳәа Гаграҟа иаауан. Итәаны иргәаладыршәон изнысыз рымҩа.
Сара исгәалашәоит
Сабду иԥсҭазаара далҵит 1991 шықәса рзы. Анышә данамардоз арахь иааит ицеибашьуаз иҩызцәа.
Икомандир Дмитри Свиатун аԥсы дихагылан иҳәеит: "зегь бзиа еицырбоз, шәара ззымдыруаз еибашьҩын" ҳәа.
Ашықәсқәа маҷымкәа ишцахьоугьы Мақсим Ҟәыруа игәалашәара лаша дыздыруаз ргәаҵаҿы иаанхеит.
Иҟалап ҳара аҵыхәтәантәи абиԥаразар, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа ҳрацәажәартә, ҳрыҿцаартә избо. Урҭ рҿырԥшы ҳаԥсҭазааразы иамҩанызазроуп.
Ҳара иҳалшо урҭ ргәалашәара амырӡроуп.