Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭеимраз Чамагәуа иажәақәа рыла, насыԥ иман аԥышәа ду змаз актиорцәеи иареи реицыхәмарра ахьалшаз.
"Аԥышәа ду змаз актиорцәа дуқәа рыгәҭаҿы ахәмарра даара иуадаҩын. Џьара гхак сыхьыргьы дара аныки абыки реиԥш исзыҟан, сымҩақәырҵон. Ԥшьы-шықәса аҵара ҵаны азанааҭ стәызшәызшәа збеит аха, аҟазара ду злаз актиорцәа рыгәҭаҟны акгьы шысзымдыруаз збеит, исдырҵаз, исыдырбалаз аџьабаа рацәоуп ", — ҳәа иҳәеит Ҭеимраз Чамагәуа.
Атеатр асцена уи иԥшьоу ҭыԥуп, хәышҭаароуп, знык уанамҽханак ахьаҵра уадаҩуп.
"Атеатр амшала сҭаацәеи сыҩни ирыгсыжьхьеит, аха иара зегьы сыԥсҭазаара ауп. 40 шықәса атеатр амаҵ азызуеит ", — ҳәа ациҵеит актиор.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсни Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рзы рминистрреи еиҿнакааит авидеопроект ҿыц "Атеатри аԥсҭазаареи". Иара хацыркыуп хәажәкыра 27 рзы, ари амш Жәларбжьаратәи атеатр иамшуп азы. Аҧхьаҩ раҧхьаӡа акәны алшара имазаауеит аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу атеатрқәа хҧа — Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу адраматә театр, Аурыс драматә атеатр, Аҿар ртеатр, рыҧсҭазаара агәылалара, атеатр апроблемақәеи аихьӡарақәеи актиор хадацәа рҟынтә аилкаара.