Џьниа: ашьапылампыл сыхҭысқәа зегьы иреиӷьуп

© Фото : из личного архива Алмасхана ДженияАԥсуа шьапылампыл асыҩ Алмасхан Џьниа
Аԥсуа шьапылампыл асыҩ Алмасхан Џьниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шьапылампыл асыҩ Sputnik акорреспондент Инна Џьниаԥҳа даниҿцәажәоз илзеиҭеиҳәеит аспорт адунеи аҟны имҩатә хҭысқәа

"Хәышықәса анысхыҵуаз сан акәашарахь сналгеит, саб – ашьапылампыл асекциахь", ҳәа еиҭеиҳәоит Алмасхан.

Алмасхан дызлаз раԥхьатәи икоманда "Арҵу" ахьӡын.

"Сара зегь раасҭа уԥсҭазаараҟны ҵахараны иузыҟалахьозеи ҳәа иансазҵаауа раԥхьатәи сыхәмарра сгәалашәоит. Сара усҟан 5 шықәса схыҵуан. Ахәмарра ҳаҵахеит 16:0 ҳәа", игәалаиршәоит Алмасхан.

Аамҭақәак рышьҭахь Алмасхан иан зҵаараны иқәлыргылеит "Ма акәашара, ма ашьапылампыл" ҳәа. Аԥыжәара агеит ашьапылампыл. 12 шықәса рҟынӡа дыхәмаруан, нас, Гәдоуҭа азыҟаҵаҩ иҟамзаара иахҟьаны аԥқьаҭмпыл ашҟа диасит.

© Foto / из личного архива Алмасхана ДженияГрамоты, медали, кубки Алмасхана Джения
Грамоты, медали, кубки Алмасхана Джения - Sputnik Аҧсны
Грамоты, медали, кубки Алмасхана Джения

Урыстәыла ачемпионатқәа ҩба дрылахәын. Аԥхьатәи аан – 50-ҩык ахәмарцәа бзиақәа рхыԥхьаӡарахь даҵанакит, аҩбатәи аан аԥшьбатәи аҭыԥ ааникылеит.

11-тәи акласс аҟны дантәаз аԥқьаҭмпылгьы ааныжьтәхеит. Уаанӡеиԥш уажәгьы азыҟаҵаҩ дыҟамызт. Абри ашьҭахь Алмасхан иӡбеит ашьапылампыл дазыхынҳәырц.

2000 шықәса рзы дҭалоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, абаҩрҵәыра афакультет. Иаб иҩыза гәакьа днеиԥхьоит акоманда "Риҵахь" ахәмарразы.

Алмасхан игәалаиршәоит Џьума Кәарацхьелиа ишазыҟаиҵоз. Џьума Аҟәатәи "Динамо" аҟны дыхәмаруан, иара убас урыстәылатәи аклубқәа рҟынгьы.

Урыстәылатәи аклубқәа рҟны ахәмаррақәа

Гәдоуҭатәи "Риҵа" 2002 шықәса рзы Аԥсны Ахраҿа анырга ашьҭахь Алмасхан Џьениа аҭел дизасит Таганрогтәи акоманда "Торпедо" аҟны ихәмаруаз иҩыза ааигәа. Идигалеит абри акомандаҟны ахәмарра. Раԥхьатәи азыҟаҵара ашьҭахьҵәҟьа Алмасхан акомандахь дрыдыркылеит.

© Фото : из личного архива Алмасхана ДженияКоманда "Спартак-УГП" Анапа
Команда Спартак-УГП Анапа  - Sputnik Аҧсны
Команда "Спартак-УГП" Анапа

"Раԥхьатәи амчыбжь аҩныҵҟа ҩ-хәмаррак мҩаԥызгеит. Акы Астрахан имҩаԥысит, егьи – Калмыкиа. Рыҩнтә раан ҳкоманда аиааирақәа агеит", — иҳәоит иара.

Алмасхан зҭыԥаҟны дрыдыркылаз ахәмарыҩ ишьапы данықәгыла икомандахь дхынҳәит, Алмасхангьы арезерв ахь диаргеит.

Аклуб "Динамо-Сухум" Дагамыси Ставрополи имҩаԥысуаз атурнир иалахәын

"Миус-Фортуна" Покровское

"Сара сҟазара сцәымӡырц азы акоманда хәмарра иахьцоз срыццон. Аиҩызаратә хәмаррақәа руак аан ҳкоманда акапитан ааха аниоу сара адәы сықәырҵеит. Абри ахәмарра ашьҭахь "Таганрог" акоманда хадахьы сиаргеит" иҳәоит иара.

Алмасхан илҵшәақәа бзиан. 2004 шықәса рзы "Спартак-УГП" (Анапа) азыҟаҵаҩцәа Тимур Закирови Ҭамаз Енықьи ркомандахь днарыԥхьоит Алмасхан.

Абри акоманда далахәны Ҭырқәтәылаҟа дцоит. Уаҟа иара идыргалоит ашьапылампылтә клуб "Анталиаспор" (Анталиа, Ҭырқәтәыла) мамзаргьы Германиатәи аклубқәа руак аҟны ахәмарра.

Амала, Алмасхан идокументқәа ирыхҟьаны арҭ ажәалагалақәа ихы иаирхәартә еиԥш изыҟамлеит (ҳаспортсменцәа аӡәырҩык реиԥш).

© Фото : из личного архива Алмасхана ДженияВымпел Чемпионата Conifa 2014
Вымпел Чемпионата Conifa 2014 - Sputnik Аҧсны
Вымпел Чемпионата Conifa 2014

Ажәадгалақәа иакымызт, иҩбамызт

"Сҩызаҷкәын Ташкенттәи аклуб "Бунедкор" азыҟаиҵон. Уахь снеиԥхьеит аха мап скит. Адырҩашықәсан уи аклуб ахь хәмарра дааит Ривалдо", иҳәоит Алмасхан.

2007 шықәса рзы Алмасхан днарыԥхьеит Ростовтәии Ставропольтәии аклубқәа рахь, аха иара Новоросиисктәи аклуб "Черноморец" алихит.

Шықәсык ашьҭахь иара диасуеит аклуб "Понтос" (Витиазево) ахь.

Аилаӡара аҿҳәара анынҵәа Алмасхан 2008-2009 шықәсқәа ҳәа Маиҟәаԥтәи "Дружба" аҟны ахәмарра далагеит, хьчаҩык иҳасабала.

Аратәи аилаӡара анынҵәа Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Дыхәмаруеит "Нарҭ", "Динамо", "Рица" рҟны.

2013 шықәса рзы Алмасхан аҽа жәадгалак иоуеит.

"Аҷандара сыҟан. Ус аҭел исзасит Урыстәылантәи. Белореченсктәи аклуб "Химик" азыҟаҵаҩ Сафарбеи Ешуго иакәын. Аклуб ахь анаԥхьара сиҭон".

Алмасхан дызлалаз "Химик" Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат аҟны Ахраҿа хада анашьахеит.

Ашьапылампыласҩы ишиҳәо ала акоманда аҩбатәи алигахь инеир акәын аха аспонсор иаалырҟьаны аԥаразоужьра мап ацәикит. Акомандагь еимпит.

ConIFA ачемпионат. 2014 шықәса. Швециа

Алмасхан Аԥсныҟа ихынҳәра аламҭалаз Аԥсны акоманда 2014 шықәса рзы Швециа имҩаԥысраны иҟаз ConIFA ачемпионат ахь ацара рҽаздырхион. Иаргьы акомандахь днарыԥхьеит.

"Ари даара игәырӷьаран сара сзы. Ҳкоманда аабатәи аҭыԥ ааннакылеит" — иҳәоит Алмасхан.

ConIFA ачемпионат ашьҭахь еиҭах ажәадгалақәа иоуит ахәмарыҩ.

"2014 шықәса рзы сара Краснодартәи атәылаҿацә иатәу акоманда қәыԥш "Афипс" ацыхәмарразы аилаӡара снапы аҵазҩит".

Инамӡаз агәыӷрақәа

2015 шықәса рзы аилаӡара аҿҳәара нҵәеит. Алмасхан иӡбеит Гәдоуҭатәи "Риҵа" ашҟа ахынҳәра. Иара убри ашықәс азы акоманда Аԥсны ачемпионат Ахраҿа аиуит.

Алмасхан ианашьахеит "Аԥсны XXII ачемпионат 2015 иреиӷьу ахәмарыҩ" ҳәа ахьыӡ.

Иара убри аан Аԥснытәи акоманда, Будапешт имҩаԥысраны иҟаз ConIFA ачемпионат изалахәымхеит.

"Иреиӷьыз ашьапылампыласыҩцәа алаҳкааит. Ҳҽазыҟаҳҵон. Ус иҳаларҳәеит ачемпионат шәзалахәхом ҳәа. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ркомандақәа Венгриа аҵакырадгьыл иалалар ҟалом рҳәеит. Авизақәа ҳарымҭеит. Аҳәаа ҳахысыр, ҳҭаркуан изакәанымкәа иахысит ҳәа".

"Ақырҭуа ган изныкым асеиԥш ианҳазныҟәахьоу. Ааигәагьы "Арарат" Ереван "СКА-Энергиа" Хабаровск Аԥсны имҩаԥыргараны иҟан аҽазыҟаҵаратә хәмаррақәа, аха еиҭах Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ермантәылатәи аклуб иабжьанагеит Аԥсныҟа имаарц. Арҭ зегьы ашьапылампыл аҿиара иаԥырхагоуп", — иҳәоит аспортсмен.

Алаԥшҳәаа ҿыцқәа

Ааигәа Аҟәа иааны иҟан "Волга" (Нижний Новгород) "Афипс" Краснодартәи атәылаҿацә акомандақәа. Алмасхан иазгәеиҭеит асеиԥш аиԥыларақәа аԥышәа урҭоит ҳәа.

© Фото : из личного архива Алмасхана ДженияАлмасхана награждают кубком «Лучшего игрока XXII Чемпионата Республики Абхазия по футболу» в 2015 году
Алмасхана награждают кубком «Лучшего игрока XXII Чемпионата Республики Абхазия по футболу» в 2015 году  - Sputnik Аҧсны
Алмасхана награждают кубком «Лучшего игрока XXII Чемпионата Республики Абхазия по футболу» в 2015 году

"Бзиа иубо ашьапылампыласыҩ дарбану" ҳәа азҵаара аҭакс иҳәоит – Стивен Джеррард ҳәа.

"Иахьа аҿар еиҳарак бзиа ирбоит Месси, Роналдо, аха сара еиҳа пату рықәысҵоит егьырҭ ахәмарҩцәа, зыбзоурала ампыл ҭазыршәуа".

Сиазҵаауеит иаԥхьаҟа азыҟаҵаратә усура игәы иҭаны иҟоума ҳәа.

"Ааи. Сыԥсҭазаара ашьапылампыл иадҳәалазар сҭахуп. Сара сыхҭысқәа зегьы иреиӷьу ашьапылампыл ауп. Аҿар бзиа ҳамоуп. Аҟыбаҩ рылоуп".

"Аинтервиуқәа руак аҿы иуҳәеит реиҳа иԥшӡоу умпылҭаршәра ашьҭахь скәашоит ҳәа?!", — сҵаауеит.

"Макьаназ",- иҳәоит иара дыччо.

Ажәабжьқәа зегьы
0