АҞӘА, лаҵарамза 13 – Sputnik, Бадрак Аҩӡба. Аҟәатәи ақалақьтә еизареи Санкт-Петербургтәи азакәанԥҵаратә еизареи рнапы аҵарҩит агәҭакқәа рзы Аԥкаанҵа. Аҟәеи Санкт-Петербурги аиашьара рыбжьарҵар алшоит, иҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа.
"Сара агәра згоит Аԥкаанҵа анапаҵаҩра ҳаизыҟазаашьақәа ирзеиӷьхап ҳәа", — иҳәеит Ԥлиа.
Аԥкаанҵа инақәыршәаны аганқәа азыхиоуп акультуратәи, анаукатәи еимадарақәа реизырҳара, рырҿиара.
"Ҳнапы зҵааҩыз адокумент ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзгьы ихәарҭахоит. Ҳара ҳҟны инхоит аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа — амедицинеи, анаукеи, аҵареи русзуҩцәа. Урҭ зегьы ҳаҭыр рықәуп", — иҳәеит Санкт-Петербург азакәанԥҵаратә еизара ахантәаҩы Виачеслав Макаров.