"Кавказ" Кандид Ҭарба ида

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль Кавказ.
Ансамбль Кавказ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" аконцерт азкын ансамбль ашьаҭыркыҩ Кандид Ҭарба игәалашәара. Иара мҩаԥысит афилармониаҟны, аҩаша, лаҵара 17 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 18 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" аконцерт азкын ансамбль ашьаҭыркыҩ Кандид Ҭарба игәалашәара. Иара мҩаԥысит афилармониаҟны, аҩаша, лаҵара 17 рзы Кандид Ҭарба ида.

"Ҳара ҳазгьы, ансамбль азгьы ари ауснагӡатә аҵак ду амоуп. "Кавказ" ыҟоуп. ԥхьаҟа иҿиоит. Абри аконцерт ашьҭахь иара амҩа иқәлоит Уфаҟа. Уа иалахәхоит жәларбжьаратәи афестиваль. Башкириатәи ахәаԥшыҩ "Кавказ" бзиа ибоит, идыруеит"- лҳәеит Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ" еиҿкаан

1990 шықәса рзы. Ансамбль алахәын Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа, Польша, егьырҭ Азиеи Европеи атәылақәа рҟны имҩаԥысуаз афестивальқәа. Ианашьахон аԥхьахәқәа.

2004 шықәса рзы "Аԥсны ахореографиатә ҟазара арҿиараҿы илагаламҭақәа рзы" Кандид Ҭарба ианашьан аорденом "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара. 2009 шықәса рзы – Аԥсны Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵахоит. 2011 шықәса рзы Дмитри Медведев Идҵала Кандид Ҭарба ианашьахоит аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рҿы илшарақәа рзы Аиҩызара аорден.

Кандид Ҭарба иԥсҭазаара далҵит амҽыша, лаҵарамза 1 2016 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0