ГАГРА, лаҵара 18 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ареспубликатә унитартә еилакы "Амшынеиқәафымцамч" Гагратәи аҟәша ацырхрааны имҩаԥнагоит, ақалақь агәҭа абжьаратә школ №4 инаркны асанатортә-курорттә комплекс "Алекс" аҟынӡа инеиуа амҩақәа фымцала реиқәыршәаразы уахь ацәаҳәа хада анашьҭразы аусурақәа.
Ишәгәалаҳаршәоит, 2015 шықәсазы аԥхынтәи аамҭазы ари аҵакыраҟны лассы-лассы афымцалашаразы аиԥҟьарақәа шыҟаз. Араҟа ахатәы ҩнқәеи асасааирҭа маҷқәеи рацәоуп аҟнытә, афымца ахархәарагьы ҳаракуп. Иажәыз ацәаҳәақәа, хымԥада уи рзышьҭхуамызт.
Аҭыԥантәи анхацәа, усҟан ргәы анԥҵәа, еизаны, амҩахь ицәырҵны, амашьынақәа рныҟәара аанкыланы амитинг мҩаԥыргахьан.
Сынтәа, Аԥсны аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны, аҭагылазаашьа арҽеира нап аркуп.
Иахьазы ишьақәыргылоуп 26 метра иҟоу ашьаҟа, иара ԥшьметрак адгьыл иҵарсуп. Арахь инагоуп афымцеихшарҭа Гагра-1 аҟнытә ацәаҳәақәа, анаҩс дара шьҭхоит иашьҭанеиуа афымцатә цәаҳәақәа рахь.
Афымцатә шьаҟа аура ҳаракы иабзоураны, иахьынҳалоу ацәаҳәақәа ауааԥсыра рынхарҭақәа ирԥырхагам.
"Ҳнапы злаку аусурақәа хырқәшахоит аамҭа кьаҿ иалагӡаны. Аха уи иаанагаӡом, аԥхынразы ақалақь аҟны афымцахархәаразы аиԥҟьарақәа ҟалом ҳәа. Ақалақьуаа ргәы рҽанысҵоит, макьаназы иажәу афымцатә шьаҟақәеи ацәаҳәақәеи шырацәоу. Убри аҟнытә, афымца амчхара ззышьҭымхло ацәаҳәақәа хымԥада аԥхасҭа роулоит", — иҳәеит Гагратәи афымцеиларс аиҳабы Асҭамыр Џьонуа.
Аха уеизгьы, "Амшынеиқәафымцамч" Гагратәи аҟәша аиҳабы агәрагара ааирԥшуеит, иарбанзаалак аԥхасҭақәа раԥырҟәҟәаразы уахыки ҽнаки иреиҳаны ишадымхало.