Ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" аҭыжьра хацыркуп

© Sputnik Анжелика Бениа Ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" аҭыжьра хацыркуп
Ажурнал Аԥсынтәыла сара стәыла аҭыжьра хацыркуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥсуа жәлар ртрадициеи ркультуреи реиқәырхара, аҿиара ацхраара иазку ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" аҭыжьра хацыркуп.

АҞӘА, лаҵарамза 18  — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" алшарақәа рыла иҭыҵыз ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" раԥхьатәи аномер ӡырган Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы лаҵара 18.

"Жәларбжьаратәи Афонд Аԥсны" акультуреи аҵарадырреи рхеилак аиҳабы Ныгәзар Логәуа аиҧылара аартуа еизаз ажурнал аҵаки аҧшьгара шыҟалази ртә рзеиҭеиҳәеит.

"Ахы инаркны аҵыхәанӡа ԥсыуа журналуп. Ахала ахы ӡырнаго иҟалар гәахәарыла иҳадаҳкылоит. Зегь раԥхьаӡа инаргыланы, хықәкы хадас иамоуп аԥсуа жәлар иахьыҟазаалакгьы ажурнал ԥсышәала ирацәажәарц, дареи ҳареи ҳаигәныҩра иаҳа иҭбаахарц", – иҳәеит Логәуа.

Афонд аинформациеи, апрессеи, ауаажәларра реимадареи ахеилак аиҳабы, ажурнал аредактор хада Гәрам Амқәаб.

"Иахьатәи ҳаиԥылара ажурнал апропаганда азура, аӡыргара, иҩаганы ахцәажәара  акәӡамызт иамаз, ажурнал збаз, ргәаанагара ҳарҳәарц, иҳагоу-иҳабзоу ҳаҳарц ҳҭахын. Ҳџьынџьуаа, аԥсны анҭыҵ инхо рҟынӡа Аԥсны аҭоурых, акультура рызнагара, аԥсуа дахьыҟазаалакгьы "с-аԥсыуоуп, ҭоурыхла Аԥсны сатәуп", иҳәартә еиԥш аинформациа иазҳәаша ажурнал ҭыҵларц ауп ҳхықәкы", – иҳәеит Амқәаб.

Аҧсны аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр Адгәыр Какоба ажурнал аусзуҩцәа ирыдныҳәало ирзеиӷьеишьеит аманшәалара.

"Ажурнал ибзианы ахәаԥшра сахьӡеит. Иахьа ҳара ауаа ажурналқәа, ашәҟәқәа, агазеҭқәа ирыԥхьаӡом ҳәа анаҳҳәо аамҭазы абас еиԥш иҟоу ажурнал рнапы иауркыр, апҳьатәи асахьа иахәаԥшны ишышьҭарымҵуа агәра згоит. Ажурнал аҩнуҵҟа иагәылоуп ҳ-Аԥсадгьыл аҟны ипроблеманы иқәгылоу азҵаарақәа, иахьатәи ҳаԥсҭазаара иазкны, аҭҵаара, акультура, аҭоурых, аҟазара уҳәа аматериалқәа. Ҿыц иҭыҵуа иалагаз ажурнал аҩнуҵҟа, ҳҵаратә процесс аҟны иҟоу ахҭысқәа аазырԥшуа астатиақәа ҟалап ҳәа сгәыӷуеит", – иҳәеит Какоба.

Отто Лакоба иархив аҟнытә иаагаз афото ажурнал ацәа афотосахьа хадас иалхын. Гәырам Амқәаб иажәақәа рыла уи афотосахьа ажәлар рыҩнуҵҟа аимак-аиҿак аиуит.

"Ажурнал ианаало асахьа ҳҭахын. Аԥшӡара акәӡамызт ҳзышьҭаз, ҳашьҭан Аԥсны аҟазшьа, ацәаҩа зныԥшуа асахьа. Ҳгәаанагарала иалҳхыз асахьа ажурнал аҵакы аанарԥшуеит "аӷа умааин, иаҭаххар иҳахьчоит", ҳәа ҳаԥхьеит афотосахьа", – иҳәеит Амқәаб.

© Sputnik Анжелика Бениа Ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" аҭыжьра хацыркуп
Ажурнал Аԥсынтәыла сара стәыла аҭыжьра хацыркуп  - Sputnik Аҧсны
Ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" аҭыжьра хацыркуп

5-шықәса раԥхьа иҭыхыз асахьа аҟны даарԥшуп Марта Кархалаа. Лара аҭоурыхтә факультет, 5-тә акурс аҟны аҵара лҵоит.

"Иџьасшьеит схыҿсахьа анызба. Сгәы иаахәеит, ҳәарада уи ҭакԥхықәра дууп сара сзы", – лҳәеит Кархалааԥҳа.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахықәкы хадақәа ируакуп аԥсуа жәлар рмилаҭтә культура, ртрадициақәа рӡыргара, адунеи аҳәынҭқаррақәа рыларҵәара.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" асаит аҟны ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла" аматериалқәа урысшәала, ҭырқәшәала, англыз, араб бызшәақәа рахь еиҭагалахоит. Ажурнал шықәсык ахь ҩынтә иҭыҵлоит, атираж 2 000 цыра рҟынӡа инаӡоит.


Ажәабжьқәа зегьы
0