"Аҵх амузеи аҟны" Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ахыбраҿы имҩаԥысит

© Sputnik Рада Ажьиба "Аҵх амузеи аҟны" Дырмит Гәлиа ихьӡ зху иҩны-амузеи ахыбраҿы
Аҵх амузеи аҟны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху иҩны-амузеи ахыбраҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ахыбраҿы имҩаԥысит "Аҵх амузеи аҟны" захьӡыз акциа, Жәларбжьаратәи амузеи амш аҽны, лаҵарамза 18 ауха. 2015 шықәса раахыс Аԥсны ихацыркын, атәыла амузеиқәа рыҟны "Аҵх амузеи аҟны" захьӡу акциа амҩаԥгара.

АҞӘА, лаҵарамза 19 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ахыбраҿы имҩаԥысит "Аҵх амузеи аҟны" захьӡыз акциа, Жәларбжьаратәи амузеи амш аҽны, лаҵарамза 18 ауха.

Аԥсны акультура министр Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арсалиаԥҳа: амузеиқәа - хәызмаӡам аинформациа аиуразы ихыҵхырҭоуп

"Адунеи аҟны "Амузеиқәа рыҵхқәа" ҳәа имҩаԥыргоижьҭеи акыр ҵуеит, аха Аԥсны ҩышықәсоуп имҩаԥыргоижьҭеи. Ҵыԥх Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥган. Сынтәа Аԥсны акультура аминистрра ианҳаднагала, гәахәарыла иҳадаҳкылеит, избан акәзар иныҳәоуп, амузеи ауаа адныԥхьалоит. Ҳара хықәкыс иҳамоу ауаа рацәа амузеи иаҭаауа аҟаҵара ауп. Амузеи зегьы раԥхьаӡа иргыланы аԥсы ҭазароуп, амузеи аҟны акы мҩаԥысуазар ауп. Аҵәахра, аҭҵаара акыр аҵанакуеит, иҳамоу аҭоурых аҿар ирызнагалатәуп, абас еиԥш иҟоу акциақәа ари аус аҟны ицхыраагӡоуп", — ҳәа лҳәеит Д.Гәлиа ихьӡ зху алитературатә —мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа.

Светлана Корсаиаԥҳа лажәақәа рыла, ари амш азы иазырхиан ҷыдалатәи акультуратә программа.

"Ари аныҳәа амҩаԥгараз амузеи аусуҩцәа чыдалатәи апрограмма шьықәҳаргылеит. Раԥхьа иааҳартуеит "Дырмит Гәлиа иҩны асасцәа" захьӡу ацәыргақәҵа. Иахьатәи ауха иалагӡаны ҳмузеи иаҭаауа зегьы рзы имҩаԥаагоит аекскурсиа, ирзеиҭаҳҳәоит Дырмит Гәлиа ирҿиаратә мҩа ", — ҳәа ацылҵеит лара.

Акциа "Аҵх амузеи аҟны" иалахәын Б. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ ахәыҷқәеи, Аҟәатәи алицеи-интернат ааӡамҭацәеи, дара ирыԥхьеит ажәеинраалақәа, инарыгӡеит аԥсуа ашәақәеи, акәашарақәеи, иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәа иаԥхьеит рхатәы жәеинраалақәа. Еизаз дырлахҿыхит Михаил Алхазов напхгара зиҭо аквартет инанагӡоз аклассикатә музыкеи, Џьамбул Џьорданиа ихәмарреи. Ажәакала аконцерттә программа гәылҭәаан.

"Жәаҳәарада, ари имҩаԥырго акциа ахалархәра мацара акәӡам ахәыҷқәа иҭырҵааз, ирбаз, ираҳаз акыр рзаҵанакуеит, ирзаннажьыз рацәоуп. Аиԥш зеиԥшу акциа ҵыԥх раԥхьаӡа акәны ҳаналахәыз иҵегь ҳаҭаандаз ҳәа рҳәо иҟалеит ахәыҷқәа. Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҭаара иахьатәи акциа иалагӡаны ахәыҷқәа рааӡараҿы ианнакыло аҵакы ӷәӷәоуп", — ҳәа лҳәеит Нонна Ферзԥха.

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ахыбраҿы имҩаԥысыз "Аҵх амузеи аҟны" захьӡыз акциа ахырқәшымҭаз, амузеи иаҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны аԥыза министр Артур Амқәаб, Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аҵх амузеи аҟны - Sputnik Аҧсны
"Аҵх амузеи аҟны" лаҵрамза 18 рзы имҩаԥысуеит

"Гәахәарыла исыдыскылеит абра имҩаԥысуаз зегьы. Абас еиԥш ахәыҷқәа рхатәы бызшәала ражәеинраалақәа ирыԥхьо, ҳаԥсуа ашәақәеи акәашарақәеи нарыгӡо ицалар агәра згоит ҳҳәынҭқарратә бызшәа еиҳа ишызҳауа, еиҳа ишыҿио, ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿгьы ишцхыраагӡахо. Иҭабуп аныҳәазы, ишәыдсныҳәалоит амузеи амш", — ҳәа иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба.

Есышықәса лаҵара 18 рзы адунеи аҟны Жәларбжьаратәи амузеи амш азгәарҭоит. 1978 шықәса инаркны уи аныҳәа азгәарҭо иалагеит 150 тәыла рыҟны. Ари аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥрыгоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа, урҭ иракуп "Аҵх амузеи аҟны", мамзаргьы "Амузеитә аҵх". Ари ауха амузеиқәа аус руеит уахгьы-ҽынгьы, ма аҵх агәанынӡа.

"Аҵх амузеи аҟны" раԥхьаӡа иазгәарҭеит Европа, Урыстәыла аиԥш зеиԥшу аныҳәа имҩаԥыргеит 2002 шықәсазы, Красноиарск ақалақь аҟны, 2007 шықәсазы Москва, анаҩсан егьырҭ ақалақьқәа рыҟны.

2015 шықәса раахыс Аԥсны ихацыркын, атәыла амузеиқәа рыҟны "Аҵх амузеи аҟны" захьӡу акциа амҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0