Sputnik еиднакылоит Аԥсни Урыстәылеи ринформациатә ҵакырақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik Аԥсны аофис аҿы.
Sputnik Аԥсны аофис аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аҟәа иаанартит амультимедиатә центр, аинтернет-портали, арадиостудиеи, апресс центри аманы ахаша, лаҵарамза 18 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 18 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аҟәа иаанартит амультимедиатә центр, аинтернет-портали, арадиостудиеи, апресс центри аманы ахаша, лаҵарамза 18 рзы. Sputnik Аԥсны апресс-центр урыстәылатәи аделегациақәа зҭаауа ҭыԥны иҟалароуп иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аимадареи амассатә коммуникациақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Волин амультимедиатә центр Sputnik Аԥсны аартуа.

"Урыстәылатәи аделегациақәеи аофициалтә хаҿқәеи, Аԥсны иаҭаауа, абри ацентр ҿыц ахь иааилароуп", — иҳәеит Волин.

Аатра мҩаԥысит Аҟәеи Москвеи рыбжьара авидеоцҳа аформат ала. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны иҟаз ажурналистцәа агентра асасцәа азҵаарақәа рырҭон.

Аԥсны Амассатә коммуникациақәеи аимадареи рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Лаша Шамба иазгәеиҭеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҩ-ҳәынҭқаррак ринформациатә ҵакырақәа реидкылара ишазырхо.

"Иахьазы Sputnik Аԥсны апресс-центр аҩ-ҳәынҭқаррак ринформациатә ҵакырақәа реидкылараалшоны иҟоуп. Абри апроект аԥызҵаз аколлектив қәыԥш ԥхьаҟагьы аинформациатә ҵакыра аҿиара азҭо акәны ииҟоуп. Уи иаанагоит аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа рыҟазаара", — иҳәеит Шамба.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев иазиԥхьаӡоит Sputnik Аԥсны аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рыҿиара иаҵәатәы шьаҟаны иҟалароуп ҳәа.

Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба апресс-центр аартраан иҳәеит рашәарамза 24 рзы имҩаԥысраны ишыҟоу ареспублика апресс-маҵзурақәеи ажурналистцәеи рзы аҵаратә семинар шымҩаԥгахо.

Аинформациатә портал Sputnik аԥсышәалеи урысбызшәалеи Аԥсны Аҳәынҭқаррарҟны аусура иалагеит 2014шықәса рзы, ԥхынҷкәын. Зҟазара ҳараку ажурналистцәеи аредакторцәеи ркоманда аԥхьаҩцәа ирыднагалоит еиуеиԥшым агәаанагарақәа, адунеитә ажәабыжьқәа. Арадио Sputnik Аԥсны акәзар атәыла аҵакырадгьыл зегьы иахьаҵанакуа арадиодырраҭарақәа мҩаԥнагоит, азыӡырыҩцәа ажәабжь ҿыцқәеи, ауаажәларра-политикатәи акультуратәи тематика иатәу апрограммақәа рыдгало.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Sputnik амультимедиатә пресс-центр (Аҟәа, Пушкин имҩ., аҩ. 16) – ҳаамҭазтәи мультимедиатә плошьчадкоуп. Ҳаамҭа иақәшәо атехникала еиқәыршәоуп. Иалшоит еиуеиԥшым аформат ала ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара адунеи иарбанызаалак аҭыԥ аҟынтәи. Асасцәеи ажурналистцәеи ирыднагалоит апресс-зал, аинформациа адкылареи анашьҭреи рзы аинфраструкттура маншәала, Wi-Fi.

Sputnik (sputniknews.com) — жәабала атәылақәа рҟны амультимедиатә информациатә хабқәа змоу агентроуп. Sputnik ЗО инареиҳаны абызшәақәа рыла асаитқәеи, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәеи, асоциалтә ҳақәа рҟны амобилтә цҵақәеи адаҟьақәеи амоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0