00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
14:33
4 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Азыҟаҵаҩ хада: Аԥсны афинал ахь инеироуп

© Sputnik Роберт ДжопуаАтренер хада Џьума Кәарацхьелиа ипресс-конференциа.
Атренер хада Џьума Кәарацхьелиа ипресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аилазаара еилкаахоит лаҵарамза 25 рзы, иҳәеит апресс-конференциаҟны атренер хада Џьума Кәарацхьелиа.

АҞӘА, лаҵарамза 19 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аилазаара еилкаахоит лаҵарамза 25 рзы, иҳәеит апресс-конференциаҟны атренер хада Џьума Кәарацхьелиа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит FIFA иалам амилаҭтә командақәа рыбжьара Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу ачемпионат аҟны Аԥсны афинал ахь инеироуп иҳәеит иара.

"Ҳара аҩны ҳахәмаруеит. Уи ҳара иаҳуалԥшьоуп", — иҳәеит иара.

Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу акоманда аилазаара еилкаахоит лаҵарамза 25 рзы. Иахьазы асиа иануп 30-ҩык акандидатцәа.

"Амза 21 рзы еиҭа арахь иаараны иҟоуп Урыстәыла ихәмаруа ҳшьапылампыласыҩцәа. Асиа иашаҵәҟьа шьақәырӷәӷәахоит лаҵарамза 25 рзы. Иаанхоит 20-ҩык", — иҳәеит иара.

Абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар апресс-конференциаҟны иҳәеит аӡбаҩцәа рколлегиа еиҿкаахоит ConIFA алахәылацәа алархәны.

"Акызаҵәык угәы узырхьша, Аԥснытәи аӡбаҩ дыҟам. Иарбанызаалак азанааҭ аҟны аҟазауаа ыҟазароуп, акадырқәа ҳҭахуп. Аҿар еиҵааӡатәуп", — иҳәеит иара.

Абри инадҳәаланы Абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар иазгәеиҭеит аӡбаҩцәа Краснодартәи атәылаҿацәи, Ростовтәи аобласти, Нхыҵ Кавкази, Украинеи рҟынтәи ишааԥхьахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0