Европа атәылауаа Ҭырқәтәыла ЕС иалалоит ҳәа агәра ргом

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азҵаарақәа мҩаԥган 2016 шықәса мшаԥымза 15 инаркны мшаԥымза 21 рҟынӡа аинформациатә маҵзура Sputnik азы.

АҞӘА, лаҵарамза 24 — Sputnik. Sputnik. Агәаанагарақәа иаанацҳауеит Европа атәылауаа рҟынтәи Ҭырқәтәыла ЕС (Европатәи Аидгыла) иалалома ҳәа изазҵааз рахьтә 49% ирыԥхьаӡоит "мап" ма аҽа жәашықәса рышьҭахь ҳәа. Изазҵааз рҟынтәи абри аҩыза агәаанагара рымоуп афранцызцәа 55%,  анемеццәа —58%,   англызцәа — 33%.    

Азҵаарақәа мҩаԥнагеит аилахәыра iFop Sputnik. Агәаанагарақәа иҟанаҵаз аҳәарала.

© SputnikЕвропа атәылауаа Ҭырқәтәыла ЕС иалалоит ҳәа агәра ргом
Европа атәылауаа Ҭырқәтәыла ЕС иалалоит ҳәа агәра ргом - Sputnik Аҧсны
Европа атәылауаа Ҭырқәтәыла ЕС иалалоит ҳәа агәра ргом

"Шәара шәгәаанагарала Ҭырқәтәыла ЕС ианбалало?", ҳәа изазҵааз рҟынтәи жәашықәса рыҩныҵҟа ҳәа агәаанагара рымоуп афранцызцәа 17%, анемеццәа —27%, англызцәа — 38%. Абри азҵаара ҭакда иаанрыжьит афранцызцәа 28%, анемеццәа —15%, англызцәа — 29%.

Азҵаарақәа мҩаԥган 2016 шықәса мшаԥымза 15 инаркны мшаԥымза 21 рҟынӡа аинформациатә маҵзура Sputnik азы.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" азҵаараҭара лассы-лассы имҩаԥнагоит: Британиа ду, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Германиа, Франциа рҟны – еиуеиԥшым асоциалтәи аполитикатәи зҵаарақәа рзы.

Изызҵаауа еихыршоит шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.

Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.


Ажәабжьқәа зегьы
0