Ачемпионат аартра иатәу абилеҭқәа 600 аанхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМихаил Чалмаз
Михаил Чалмаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амультимедиатә центра Sputnik Аԥсны аҟны имҩаԥысит апресс-конференциа, ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат аҽазыҟаҵашьа иазкны.

АҞӘА, лаҵарамза 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ачемпионат аартра иатәу абилеҭқәа 600 аанхеит иҳәеит Амультимедиатә центра Sputnik Аԥсны аҟны имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны "Амра-банк" анапхгара ахантәаҩы Михаил Чалмаз.

"Ҳара ҳбанк Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа иалахәылоуп. Ҳара ҳхахьы иаагеит абилеҭқәа рыҭиразы ауснагӡатәқәа. Уи гәыҳалалрак еиԥшны имҩаԥаагоит. Ҳара аспорт аҿиара ахылаԥшра ду аҳҭоит", — иҳәеит иара.

Михаила Чалмаз иажәақәа рыла абилеҭқәа рҭиуеит, ахәаԥшыҩцәа зегьы ирхьымӡар алшоит.

"Ҳара 15 процент рҟынӡа абилеҭқәа ҳҭихьеит. Ауаа рацәаҩны иҳадҵаалоит", ҳәа азгәеиҭеит Чалмаз.

Апресс-конференциа, ашьапылампыл азы ConIFA ачемпионат аҽазырхиара иазкыз. - Sputnik Аҧсны
ConIFA ачемпионат ахь иаауеит 120-ҩык аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа

FIFA иалам амилаҭтә командақәа рыбжьара ConIFA ашьапылампылтә чемпионат азы ирҭираны иҟоу абилеҭқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 85 000 цыра ыҟоуп.

Лаҵарамза 28 рзы ачемпионат аартхоит. Лаҵарамза 29 рзы иалагоит ахәмаррақәа. Ахәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҟны. Мышкы ала имҩаԥысраны иҟоуп ахәмаррақәа ԥшьба. Рашәарамза 5 рзы афиналтә матч мҩаԥгахоит. Аицлабрақәа рҟны аиааира згаз акомандақәа аԥхьахәқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысуеит рашәарамза 6 рзы, ачемпионат алахәылацәа рыҩныҟақәа рыхынҳәра амшаз.

ConIFA Анагӡаратә еилакы аилатәараҟны, 2015 шықәса ԥхынгәы 8 рзы, еицҿакны рыбжьы рҭиит 2016 шықәса рзы адунеитә Чемпионат Аԥсны имҩаԥысырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0