Цәеиԥҳа: ашкол санҭаз инаркны бзиа избон аԥсуа бызшәеи алитературеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 25 аҽны Адунеи ажәларқәа аӡәырҩы иазгәарҭоит афилологцәа рзанааҭ амшныҳәа. Ари амш аҽны Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет аушьҭымҭацәа, иахьа рырҵаҩцәа ирывагыланы аус зуа Лиубов Цәеиԥҳаи Инал Гыцбеи рырҵаҩратә ԥышәа иазааҭгылеит.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Афилологиа ахырхарҭақәа рҟны аус зуа зегьы иахьа лаҵарамза 25 аҽны иазгәарҭоит афилологцәа рымшныҳәа. Аԥсуа аҵарадырра ахәышҭаара, есшықәса афилологиатә факультет иаушьҭымҭацәоуп хыԥхьаӡара рацәала астудентцәа. Узыргәырӷьаша фактуп, арҵаҩцәа роушьҭымҭацәа рыжәҩахыр иныҵакны аусура ианеицалаго. Афилологиатә факультет аушьҭымҭацәа аӡәырҩы иахьа ауниверситет аҟны аус руеит, урҭ дреиоуп Лиубовь Цәеиԥҳа.

"Ашкол санҭаз инаркны бзиа избон аԥсуа бызшәеи алитературеи, уи еиҳа исзааигәаны абзиабара слыркит Гәдоуҭатәи ахәбатәи аԥсуа школ арҵаҩы Лили Ҟаитанԥҳа. Бзиа ибаны сҭалеит афилологиатә факультет, ари азанааҭ ала аҵарагьы хсырқәшеит, анаҩсан ауниверситет аҟны аусура салагеит, шьҭа аашықәса ҵуеит ара аус зуеишьҭеи. Раԥхьатәи слекциа абиологиа–географиатә факультет аҟны акәын сахьапхьоз, абиологиа азанааҭ ала аҵара зҵоз астудентцәа сырзаԥхьуан аԥсуа бызшәа амаҭәар ", — ҳәа лгәалалыршәеит арҵаҩрахьы раԥхьатәи лшьаҿақәа анеихылгаз аамҭа Лиубовь Цәеиԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, дшымгәыӷуаз ала ибзианы имҩаԥысит раԥхьатәи ллекциа.

"Ауниверситет аҟны аҵара сзырҵоз арҵаҩцәа зегьы гәыблыла сырзыҟоуп, аха иалыскаауеит хықәкыла аԥсуа бызшәа ҳзырҵоз Лили Ҳагԥҳа, Ада Кәарҷелиаԥҳа, Шоҭа Арсҭаа. Дара зҵарарадырра акыр иҳаракәу, адырра бзиақәа змоу рҵаҩцәоуп, дара иаҳдырҵаз ала, иҳабжьаргоз, иҳарҭаз адырра ҵаулақәа, аметодқәа ҳусураҿы ҳхы иаҳархәоит", — ҳәа азгәалҭеи лара.

Сгәы иаанагоит уажәтәи астудентцәагьы ашколқәа рыҟны аусура ицар, иахьатәи ҳаамҭа ишақәнаго ала, ҳаракыла аус руеит ҳәа, азгәалҭеит арҵаҩ қәыԥш.

Афилологиатә факультет аҟны аус зуа аҿар рхаҭарнакцәа даарылукаартә дыҟоуп, аԥшьбатәи акурс астудент, аха арҵаҩратә усура знапы алаку Инал Гыцба.

"Игәаӷьыуацәан аиашазы раԥхьаӡа алекциа амҩаԥгара, аха иансыдыргала, сҽааидкыланы аусура салагеит, избан акәзар бзиа избо сзанааҭ ауп. Астудентцәеи сареи ҳусеицура алҵшәа аманы иҟалар, уи ауп ихадароу сара сзы", — ҳәа иҳәеит арҵаҩ қәыԥш Инал Гыцба.

Аҿар раԥхьаӡа иргыланы ҭакԥхықәрала ҳрызнеиуазар ауп, иҳәеит Гыцба.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет - Sputnik Аҧсны
Иахьа адунеи аҿы иазгәарҭоит афилологцәа рымш

"Аԥышәа змоу арҵаҩцәа урҿыԥшыроуп, ашкол аҟны уҟазар ауп, зныкымкәа-ҩынтәымкәа ухаҭа аурок мҩаԥыуагароуп. Арҵаҩы баша днеины дцәажәо мацара акәымкәа, иара иааҟаиҵо зегьы, итәашьа, игылашьа, ицәажәашьа ари зегьы ааӡара иазкызар ауп. Ухаҭа уааӡазар ауп, аӡәы дуааӡазарц азы", — ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.

Инал Гыцба иажәақәа рыла, анцәа иҟынтә аҟыбаҩ умазар ҟалоит, аха раԥхьаӡа иргыланы ухы аус адулыроуп.

"Афилологиа "ажәа абзиабара " ауп иаҵанакуа, афилологцәа — ажәа абзиабаҩцәа. Ажәа азыҳәан зџьыба иҭамло афилолог иашаҵәҟььаны афилолог ӷәӷәа иоуп. Дарбанызаалак ауаҩы иара ихатәы гәанаагара, иахьакәзаалакгьы ибжьы нақәирго аҵакы аҭаны, ишаҳәҭоу еиԥш иҳәозар, усҟан иара афилологиатә факультет даламгацзаргьы ԥсабаралеи ижәлар рыҩнуҵҟеи уи дфилологуп уҳәар ауеит, избан акәзар ажәа дазҟазоуп. Ажәа азҟазара ари ажәытәла иаауеит, уи афольклор иатәуп, абиԥарала еимаданы иахьанӡа иааргаз ауп, иара афилологиа ахаҭа шьаҭас иамоу убри ауп", — ҳәа азиԥхьаӡоит Инал Гыцба.

Иахьа, Аԥсны иналукааша аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа, акультуреи аҟазареи рымаҵ зуа ирацәаҩӡаны афилологиатә факультет аушьҭымҭацәа роуп.

Лаҵарамза 25 аҽны  Адунеи ажәларқәа аӡәырҩы иазгәарҭоит афилологцәа рзанааҭ амшныҳәа. Аҵарауаа ргәанагарала афилологиақәа рнаука шьақәгылеит  17-18 ашәышықәсақәа рзы. Иҿиеит иара Ажәытәтәи Индиа.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0