АҞӘА, лаҵарамза 27 – Sputnik, Роберт Џьапуа. 2016 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата Париж имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Salon Mondial du Tourisme аҽаланархәит.
Аделегациа ахада Геннади Гагәылиа ишиҳәаз ала аԥсуа аалыҵ ацәыргақәҵа аԥшәмацәеи асасцәеи аинтерес роуит.
Ирацәаҩым издыруа Аԥснытәи аделегациа ацәыргақәҵа алахәра еиҿызкааз аԥсуа-францыз ҭаацәара шракәу. Шықәсыбжак аԥхьа афранцыз Жан Кристоф Бетиуни иԥшәма Алина Ашәԥҳаи Salon Mondial du Tourisme аиҿкааҩцәеи аицәажәарақәа рыман. Ҳкорреспондент илшеит урҭ рԥылара, аусурақәа шымҩаԥысуаз атәы аилкаара.
Франциа абадырра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Алина Ашәԥҳа аус луан еиҭагаҩыс жәларбжьаратәи агуманитартә миссиаҟны. Нас аус луан афранцыз еилахәыраҟны Санкт-Петербург. Уаҟа еибадырит Жан-Кристоф Бетиуни лареи.
Алина лыԥшәмеи лареи Аԥсныҟа иааит.
"Раԥхьаӡа акәны сара Аԥсныҟа сааит хәышықәса раԥхьа. Избаз зегь иаразнак бзиа избеит", — иҳәоит иара.
Аԥсныҟа ҳаацыԥхьаӡа иарбанызаалак аԥсуара иатәу џьара акы Франциаҟа иаагоит, ирбарц. Ҳгәылацәа, ҳҩызцәа зегьы аԥсуа мелодиақәа ирзыӡырыҩуеит, афотосахьақәа ирыхәаԥшуеит, лҳәоит Алина.
Алина илгәалалыршәоит Аԥсны ианыҟаз зны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палатахь ишнеиз. Геннади Гагәылиеи дареи реицәажәараан ишидыргалаз Франциа имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәра ацхраара.
Ацәыргақәҵа амҩаԥысра шықәсыбжак шагыз Жани Алинеи уи аиҿкааҩцәа рыҿцәажәара иалагеит. Дара имӡакәа ирҳәеит Қырҭтәыла аганахьала ақәыӷәӷәара ҟалар шалшоз атәы.
"Аиҿкааҩцәа иҳарҳәеит усеиԥш ишақәшәахьаз. Кипр аҿырԥшы ааргеит. Ирҳәеит азҵаара аӡбра аҭахоит ҳәа", — лҳәоит Алина.
Жан-Кристоф еиҭеиҳәоит аиҿкааҩцәа рзы Аԥсны иазку аинформациа францыз бызшәала ишдырхиаз. Уи ашьҭахь аиҿкааҩцәа аинтернет даҟьаҟны Аԥсны иазкыз аматериал ӡырыргеит.
"Рсаит аҟны ицәырыргаз аинформациа иаҳәон: Шәыццакы Аԥсныҟа. Иаарласны уа Европантәи атуристцәа рыла иҭәуеит. Абри аӡыргара иаднагалаз рацәаҩуп", — иҳәоит Бетиун.
Абри анонс ахыԥшала аԥсуа стенд 317 ауаа агхомызт ацәыргақәҵа ахьынӡацоз.
"Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата акәзар ареспублика ишақәнагаз еиԥш иӡырнагеит. Аалыҵ рацәаны инаргеит. Афранцызцәа рзы афатә аҵакы дууп. Урҭ гәырманцәоуп", — лҳәоит Алина.
Лара лажәақәа рыла аҭааҩцәа иргәаԥхеит аџьыка, аџьынџьыхәа, аԥсуа-ҩы. Ирацәаҩын аҵәца шьҭыхуа изҳәоз — “Viva Abkhazia”, ианцоз "ҭабуп" рҳәон.
Дара иазгәарҭеит ҽаангьы абри ацәыргақәҵа Аԥсны алархәра ргәы ишҭоу.
Жан-Кристоф иазгәеиҭеит афранцызцәа аныҟәара бзиа ишырбо. Адунеи атәылақәа жәпакы ирҭаауа арҭ ауаа Аԥсынгьы бзиа ирбашт, аинтерес зҵоу тәыланы ирзыҟалашт иҳәоит иара.