Ахаақәеи атехникеи Чувашиантәи Аԥсныҟа

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи Чувашиа Ахада Михаил Игнатиеви реиԥылара мҩаԥысит лаҵарамза 26 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 27 – Sputnik. Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи Чувашиа Ахада Михаил Игнатеви лаҵарамза 26 рзы имҩаԥысыз реиԥылараан Михаил Игнатиев иҳәеит Чувашиатәи аекспорт шьаҭаны ишаиуа ахаа-аалыҵи атехникеи.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Чувашиеи рнаплпкҩцәа аусеицуразы еилацәажәеит

Игнатиев иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩба рыбжьара атауареикәыршара шеизҳаз. Уаанӡатәи ашықәсқәа ирыдкылан уахәаԥшуазар уи хәынтә еиҳахеит.

Аиҳарак Аԥсни Чувашиеи русеицура мҩаԥысуеит атуризм, ааглыхра, ақыҭанхамҩа русхкқәа рҟны.

Игор Ахба иазгәеиҭеит абарҭ ахырхарҭақәа рыла иахьа Аԥсны инарҭбаау аусурақәа шымҩаԥысуа. Игнатиев иҳәеит дышгәыӷуа иаарласны аҩтәылак русеицура адокумент шьаҭа аманы иҟалап ҳәа.

Игор Ахба иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы шрыҵаҩу 80 инареиҳаны еиқәшаҳаҭра.

Ажәабжьқәа зегьы
0