Аԥсни Мраҭашәаратәи Ермантәылеи ркомандақәа реицыхәмарра мҩаԥысит Аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны, лаҵарамза 31 рзы. Аԥснытәи акоманда Мраҭашәаратәи Ермантәыла акоманда иаԥнагеит 1:0 ҳәа.
Ахәмарра алагара сааҭк шагыз астадион ахь рҽеизыркуа иалагеит ахәаԥшыҩцәа. Ахәмарра сааҭбжак анагыз аамҭазы атрибунақәа зегь ҭәхьан. Ашьапылампыл абзиабаҩцәа арахь иааргеит еиуеиԥшым атрибутика.
Ахәмаррахь акомандақәа ааиит иааирак-иааирак рыманы. Дара рыҩбагьы Чагостәи акоманда иацыхәмархьан иааирала.

1/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Астадион "Динамо" аҿы иҭацәыз аҭыԥ узыԥшаауамызт.

2/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аиндаҭлаҩцәа дара-дара еиндаҭлоит ампыл агаразы.

3/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Азгәыбылҩцәа рзы ахәмарра даара аинтерес аҵан, избан акәзар амба ааигәара ампыл ҭадыршәратәы аҭагылазаашьақәа ахьырацәаз азы.

4/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Мраҭашәаратәи Ермантәыла амбахьчаҩ ихьчаҩцәа дрыԥхьоит амба иазаагәахо реиндаҭлаҩцәа ампыл рымырхырц.

5/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахәмарраан ирацәан аҭагылазаашьақәа ахәмарҩцәа ирџьбараны ианыхәмаруаз.

6/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ампыл агаразы еицлабуеит.

7/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Очередной момент у ворот Западной Армении.

8/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аиааиразы, ахәмарыҩцәа рыхгьы иашьҭам аиндаҭлаҩцәагьы ирышьҭам.

9/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аицлабра адәы ахьынӡанаӡааӡоз имҩаԥысуан.

10/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥҟарақәа анеиларга ашьҭахь Аԥсназы ихәмаруаз ашьапылампыл асыҩ ацхыраара иҭаххеит.

11/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аерман хәмарыҩ иконтржәылара ашьҭахь ишәарҭаз аҭагылазаашьа ҟалеит.

12/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсны акоманда ахәмарыҩ Анри Ҳагәшь хыла ампыл дасуеит

13/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Мраҭашәаратәи Ермантәыла ахәмарыҩ аԥҟарақәа ахьеилеигаз иахҟьаны иҩажьу абӷьыц ирҭеит.

14/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсуа шьапылампыл асыҩ ампыл ахь днаишьҭыр иҭахым Мраҭашәаратәи Ермантәыла ахәмарыҩ.

15/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Мраҭашәаратәи Ермантәыла ахәмарыҩ реиҳа иҳаракны дыԥеит.

16/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахәмарраҿы иҟан даара иԥшӡаз ахазхҭысқәа.

17/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аерман хәмарыҩ ампыл аӡгьы ииҭом адәы агәҭа.

18/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Мраҭашәаратәи Ермантәыла ашьапылампыл асыҩ аԥсуа хәмарыҩ ампыл имихит.

19/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ампыл раԥхьа агарзы, аерман хәмарыҩ иеиндаҭлаҩ ишьапы дықәирҟьоит.

20/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥснытәи акоманда ахәмарыҩ иеиндаҭлаҩ ампыл имихит.

21/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥснытәи акоманда ахәмарыҩ аиааира ашьҭахь дкәашоит.

22/22
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥснытәи акоманда аҽеиҭакырҭаҿы зегьы ргәалаҟазаара бзиан.