АҞӘА, рашәарамза 2 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ареспублика ауаажәларра дырԥылеит, атәылаҟны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьеи ареферендум азҵаареи дрылацәажәарц. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба ареферендум амҩаԥгара арыцхәс иаликааит ԥхынгәы 10 2016 шықәса рзы.
Иара иазгәеиҭеит ареферендум адемократиатә форма аманы ишишьо, гәыҩбарагьы инаҭом, аха иара аполитикатә қәԥаразы ахархәара мап шацәикуа. Ауаажәлар рҽеидкылара шхымԥадатәиу еилкаауа, аҭагылазаашьа ҭынч аиқәырхарагьы хықәкны иҟаҵаны абри аҩыза аӡбра сыдыскылеит, иҳәеит Ҳаџьымба.
"Аҭагылазаашьа ауадаҩра азыԥхьагәаҭо, Аԥсны ажәлар ракзаара ахымԥадатәра еилкаауа, амилаҭ еиқәшаҳаҭра ахьчара аҭо сара абри ареферендум амҩаԥгара сақәшаҳаҭхеит. Агәра згоит милаҭ рацәала еилоу ҳауаажәлар рҟәышра", — иҳәеит иара.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит иарбанызаалак ажәлар рыӡбра дшадгыло.
Рауль Ҳаџьымба иҳәеит еидкылоу анапынҵақәа цқьа иуртытуа уалагар аилагарақәа акыр уԥшаар шалшо.
"Ҳара иҳалшон еизгоу анапынҵамҭақәа риашара мап ацәаҳкыр, аӡбарҭала абжьыҭирагьы мап ацәаҳкыр, аха сара ус ҟасҵом. Избанзар ибзианы еилыскаауеит ареферендум аԥшьызгаз абри аҩыза ахырхарҭа ишазыԥшу. Уи аҭагылазаашьа ашьақәҟьаразы рхы иадырхәар шырҭаху", — иҳәеит иара.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ареспублика ауаажәларра дырԥылеит, атәылаҟны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьеи ареферендум азҵаареи дрылацәажәарц. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба ареферендум амҩаԥгара арыцхәс иаликааит ԥхынгәы 10 2016 шықәса.