10:3 ҳәа Секеитәи атәылаҿацә Сомалилендаа ираԥыргеит

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа10:3 ҳәа Секеитәи атәылаҿацә Сомалилендаа ираԥыргеит
10:3 ҳәа Секеитәи атәылаҿацә Сомалилендаа ираԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
10:3 ҳәа Секеитәи ашьапылампыл асцәа Сомалилендаа ириааит.

АҞӘА, рашәарамза 3 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 15 сааҭ рзы Гагратәи астадион аҟны еиԥылеит Секеитәи атәылаҿацәи Сомалиленди ркомандақәа.

Ахәмарра актәи аихшара акомандақәа ихдырқәшеит еиҭахарала 3:3 ҳәа. Анаҩс, аиԥылара аҩбатәи аихшараҿы Секеитәи атәылаҿацә ашьапылампыл асцәа еиҳа аԥыжәара роуит. Дара Сомалилендаа рымба 45 минуҭ ирылагӡаны бжьымпылк ҭадыршәеит. Абасала, 10:3 ҳәа акомандақәа реиԥылара хырқәшахеит.

"Ҳара иаҳдыруан техникала Секеитәи атәылаҿацә ашьапылампыл асцәа ишҳаԥыргоз, аха 10:3 ҳәа ҳаҵахоит ҳәа ҳаҟамыз", — иҳәеит Сомалилендтәи акоманда акаԥдан Амарвир Сандхв.

Секеитәи атәылаҿацә акоманда азыҟаҵаҩ Аттила Иакоб иакәзар иазгәеиҭеит, актәи аихшараҿы маҷк ахәмарра аҽалагалара шырцәыуадаҩхаз, убри аҟнытә хымпылк рыцәцеит. Аха, анаҩс рҽеидкыланы, Сомалилендаа ираԥыргеит, уаҳа мпыл роурмыжькәа.

4:3 ҳәа Рециаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит - Sputnik Аҧсны
4:3 ҳәа Рециаа Чагостәи ахәмарыҩцәа ираԥыргеит

Апресс-конференциа цонаҵы Сомалилендаа рыдгылаҩцәа рыбжьы еихсыӷьуамызт. Ашә илагыланы ирзыԥшын, ари аамҭа иалагӡаны изышьцылаз бзиа ирбаз аспортсменцәа.

Сомалилендтәи ахәмарыҩ Уилед Аден иҳәеит, Гагра ргәыблыҩцәа еиҳа ишеиҳахаз ртәылаҟны аасҭа.

"Сҩызцәеи сареи, абри ақалақь аҟны иаҳбаз ауаа ссирқәа рҩызцәа, уаҳа џьаргьы иҳақәымшәацт. Аиашазы, ҳаҩныҟа ҳаныхынҳәуагьы дара рыԥхарра ҳгәаҵа иҭазаауеит, Гагра ақалақь гәхьааҳгалоит", — инаҵшьны иазгәеиҭеит аспортсмен.

Апресс-конференциа ашьҭахь Сомалилендаа ачемпионцәа реиԥш ирыдыркылеит ашә илагылаз рыдгылаҩцәа.

Убри алагьы ишьақәумырӷәӷәар залшом, "Аиааира акәым, хадара злоу алахәра ауп", — ҳәа иҟоу аҳәамҭагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0