АҞӘА, рашәарамза 8 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Идҵала Аԥсны еизго ашьапылампылтә команда анапхгареи ахәмарыҩцәеи иранашьоуп аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара. Рауль Ҳаџьымба хаҭала рнапы иаиркит аҳамҭа ҳаракы, гәыкала ирыдиныҳәалеит иргаз аиааира.
"Аҟазара, алеишәа, агәаҳәара, аԥсадгьыл ахь абзиабара зегьы леилалан иалдыршеит акыр иуадаҩыз аиааира агара", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Атәыла Ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит аиааира ажәлар шеиднакылаз, рымчқәа рыгәра шыднаргаз, еиҳа насыԥ шырнаҭаз.
"Шәара иҳашәҭеит иухамшҭуа аныҳәа. Шәара иалшәыршеит иреиҳаӡоу ацәанырра ссирқәа рырҿыхара. Астадион аҟны аума, аҩны аума ахәмарра иахәаԥшуаз зегьы ахааназ рыгәқәа рҟны иаанхоит еиҭаҳәашьа змам агәырӷьаратә минуҭқәа", — иҳәеит иара.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аусура бзиа шымҩаԥнагаз ачемпионат аиҿкаареи амҩаԥгареии рганахьала.
Атәыла Ахада иажәақәа рыла Аԥсны ишьақәнарӷәӷәеит еицырдыруа асасдкылара адагьы иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу аиндаҭларақәа мҩаԥнагар шалшо.
Лаҵарамза 28 инаркны рашәарамза 5 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуан ашьапылампыл азы ConIFA аверсиала ачемпионат. Атурнир иалахәыын 12 команда. Астадион "Динамо" аҟны имҩаԥысуаз афиналтә хәмарраан Аԥснытәи акоманда аиааира агеит.