Sputnik Аԥсны акорреспондент Наала Аҩӡыԥҳа данлыҿцәажәоз Мадина Аргәынԥҳа илҳәеит Фазиль Искандер ирҿиара лхазы ишаалыртыз атәы.
— Шәара ишәгәалашәома раԥхьаӡа акәны Фазиль Искандер ирҿиара шаашәыртыз? Шәнапаҿы ианбаанышәкылеи раԥхьаӡа акәны уи ишәҟәы?
— Саныхәыҷыз. 11-12 шықәсаҟа анысхыҵуаз. Иповест "Ажьақәеи амаҭқәеи" сара исдипломтә усумҭан.
— Акомиссиа ишԥарыдыркылеи шәусумҭа?
— Схаҭа исгәамԥхаз бзианы исгәалашәоит. Еицҿакны ирҳәеит кавказтәи атемперамент шубо. Иҟалап ииашаҵәҟьаны ус акәзаргьы, аха уи сара сзаиааиӡом. Сдырҽхәон, аха…
— Асеиԥштәи аԥышәарақәа раан "хәба" зықәдыргылои? Зыхә ршьои?
— Арежиссура, утрактовка, узыԥхьаз шубо, иуҳәарц иуҭахыз актиорцәа ишеилыркааз, уидеиа рыдыркылоу ирыдрымкылоу? Ирацәаҩуп изыԥхьаӡо "Ажьақәеи амаҭқәеи"…
— Атеатр иатәым ҳәа?
— Ааи. Атеатр иатәым ҳәа иршьоит. Абри аганахьала сара аҽа гәаанагарак сымоуп. Иааиуа ашәахьазы ахәаԥшыҩ идаагалараны иҟоу 2001 шықәса рзы иқәсыргылаз аспектакль зынӡагьы еиԥшӡам.
— Иҿыцу атрактовка аиуама?
— Афабула шыҟац иаанхоит. Амаҭқәа ажьақәа рхәаҽуеит.
— Искандергьы аханатә усеиԥш иԥхьаӡоит.
— Ааи, аха аҽа инсценировкак акәхоит.
— Избан шәара убри аповест шәеиҭазыхынҳәырц зышәыӡбаз?
— Еснагь уи азыхынҳәра агәаҳәара сыман сыҟан.
— Шәара шәзын "Ажьақәеи амаҭқәеи" литературатә рҿиамҭак аҳасабалеиԥш шәспектакльк еиԥшгьы ҵакыс иамоузеи?
— Сгәы иаанагоит адунеитә литератураҟны иара Библиак еиԥшуп ҳәа. Араҟа еизгоуп зегьы: аполитика, аԥсҭазаара, абзиабара, аԥсра, аҭира, ахәшьадра. Аиҳаракгьы сара сгәаанагарала – агәыӷра. Ҳара ҳаԥсҭазаароуп иаанарԥшуа. Асеиԥш ҟалар алшоит аҳәынҭқарра ду аҟынгьы аҭаацәара маҷ аҟынгьы. Иара ҳара зегьы иҳазкуп.
Сара сҽазысшәоит аламыс закәу аиҭаҳәара, уи зцәыӡыз ауаҩы, аха изырхынҳәырц иашьҭоу ихьуа.
— Фазиль Искандер бзиа дзыжәбозеи?
— Иҟәышраз.
— Фазиль Абдул-иԥеи шәареи шәышԥеибадыри?
— 2004 шықәса рзы, ииубилеи аан Аԥсны дыҟан. Сара усҟан сҵара салганы Аԥсны аус зуан. Раԥхьатәи сыспектакльгьы "Ажьақәеи амаҭқәеи" акәын. Фазиль Абдул-иԥа дахәаԥшит аспектакль. Азал ҭәын. Иара асценахь дыҩхалан арежиссиор шәаалыԥхь иҳәеит. Усҟан ус иҳәеит: "Даара иоригиналуп. Уи аҩызагьы аҭыԥ амазароуп" ҳәа.
— Уи шәара ишԥашәыдышәкылеи?
— Автор иҟазаара еснагь еиуеиԥшым ацәанырра рацәа цәырнагоит. Аиҳаракгьы Искандер еиԥш иҟоу автор.
— Изыԥшузеи ахәаԥшыҩ рашәарамза 13 ауха?
— Сара сҽазысшәоит ахәаԥшыҩ иибо еиликаарц. Еиҳаракгьы аповест иамыԥхьац. Аӡәы ак џьеишьандаз ҳәа сыҟаӡам.