Америкааи Европааи асанкциақәа рганахьала ргәаанагарақәа еиқәшәом

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik. Агәаанагарақәа иаанацҳауеит Европа атәылауаа рҟынтәи Урыстәыла аганахьала иҟоу асанкциақәа аԥыхтәума ҳәа изазҵааз рахьтә 47% ирыԥхьаӡоит "иаԥыхтәуп" ҳәа.

АҞӘА, рашәарамза 14 — Sputnik. Азҵаарақәа мҩаԥган аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Sputnik. Агәаанагарақәа иаанацҳауеит Европа атәылауаа рҟынтәи Урыстәыла аганахьала иҟоу асанкциақәа аԥыхтәума ҳәа изазҵааз рахьтә 47% ирыԥхьаӡоит "иаԥыхтәуп" ҳәа. Италиа изазҵааз рҟынтәи абри аҩыза агәаанагара рымоуп 51%, анемеццәа —48%, афранцызцәа —43%.

Еиду Америкатәи аштатқәа рҿы акәзар абри азҵаараҿ асанкциақәа раԥыхра иадгылоит 29% америкауаа.

Азҵаарақәа мҩаԥыргеит франциатәи аҭҵааратә еилахәыра iFop, британиатәи аилахәыра Populus Sputnik. Агәаанагарақәа иҟанаҵаз аҳәарала.

"Урыстәыла аганахьала иҟоу асанкциақәа ирыцҵатәума?" ҳәа изазҵааз рҟынтәи асанкциақәа ирыцҵатәуп ҳәа агәаанагара рымоуп 42% америкауаа, афранцызцәа 29%, анемеццәа —31%, италиауаа — 27%. Абри азҵаара ҭакда иаанрыжьит афранцызцәа 28%, анемеццәа —21%, америкауаа — 29%, Италиа атәылауаа рҟынтәи 22%.

Урыстәыла аганахьала аекономикатә санкциақәа алагалан Евроеидгыла аҟынтәи 2014 шықәса рзы. Урҭ рыцҵара азҵаара ӡбахароуп 2016 шықәса рашәарамза нҵәаанӡа.

© SputnikАмерикааи Европааи асанкциақәа рганахьала ргәаанагарақәа еиқәшәом
Америкааи Европааи асанкциақәа рганахьала ргәаанагарақәа еиқәшәом - Sputnik Аҧсны
Америкааи Европааи асанкциақәа рганахьала ргәаанагарақәа еиқәшәом

Америкеи Италиеи рҟны азҵаарақәа мҩаԥнагон британиатәи аҭҵааратә еилахәыра Populus мшаԥымза 15 инаркны 21 рҟынӡа 2016 шықәсазы. Франциеи Германиеи азҵаарақәа мҩаԥнагеит Франциатәи аилахәыра

IFop мшаԥымза 14 инаркны 18 рҟынӡа. Иааидкыланы иразҵаан 4010-ҩык ареспондентцәа: США (1002), Германиа (989.), Франциа (1008) Италиа (1011).

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" азҵаараҭара лассы-лассы имҩаԥнагоит: Британиа ду, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Германиа, Франциа рҟны – еиуеиԥшым асоциалтәи аполитикатәи зҵаарақәа рзы.

Изызҵаауа еихыршоит шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.

Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0