Еревантәи аҳақьымцәа Аԥснытәи ахәыҷқәа рхәышәтәуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЕревантәи аҳақьымцәа Аԥснытәи ахәыҷқәа рхәышәтәуеит
Еревантәи аҳақьымцәа Аԥснытәи ахәыҷқәа рхәышәтәуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еревантәи аҳақьымцәа ДЦП апроблема змоу Аԥснытәи ахәыҷқәа абжьагарақәа рырҭалоит рашәара 15 аҟынӡа.

АҞӘА, рашәарамза 15 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Еревантәи аҳақьымцәа-аневропотологцәа ДЦП апроблема змоу Аԥснытәи ахәыҷқәа абжьагарақәа рырҭалоит рашәара 15 аҟынӡа ахәыҷтәы поликлиникаҟны. Абри атәы лҳәеит афонд "Аԥсны" асоциалтә политика аилак аиҳабы Иулиа Гәынԥҳа.

Лара лажәақәа рыла акциа мҩаԥысуеит агәабзиара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.

"Ҳара Ереван ҳаныҟаз, уаҟа абри ачымазара аганахьала аҳақьым бзиаӡақәа шыҟоу аадыруан азы, урҭ ааҳаԥхьеит Аԥсныҟа. Уажәы урҭ абжьагарақәа ҳарҭоит араҟа" — лҳәеит Гәынԥҳа.

Абжьагарақәа рымҩаԥгара иалагеит рашәарамза 13 рзы, ихыркәшахоит рашәарамза 15 рзы.

Лара иазгәалҭеит раԥхьатәи амш азы имаҷымкәа ахәыҷқәа ишрабжьыргаз еревантәи ареабилитациатә центр аҟны ахәышәтәра ахысра. Аԥаразоужьра азҵаара макьаназ иаартуп, — лҳәеит Гәынԥҳа. – афонд "Аԥсны" уи аганахьала аусурақәа ирҿуп.

Иулиа Гәынԥҳа илҳәеит аофициалтә дыррақәа рыла Аԥсны ишыҟоу ДЦП змоу ахәыҷқәа 600 –ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0