Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik
Гендель, Вивальди, Бах, Моцарт рырҿиамҭақәа нарыгӡон асимфониатә оркестрқәа рымҩаԥгарала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа азал аҿы иқәыԥшқәоу аха аҟыбаҩ ҷыда злоу ареспубликатә нагӡаҩцәа. Дара зегьы Алықьса Чычба ихьӡ зху амузыкатә конкурс аҟны аҳамҭақәа занашьахаз, ииааиз, алауреатра зоуз роуп.
Рашәарамза 16 рзы дара ықәгылон Аԥсны Аҳәынҭқарратә акамертә оркестри Адыгеиа Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестри рымҩаԥгарала. Аоркестрқәа рыҩбагь напхгара рзиуан Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Давид Терзиан. "Аконцертқәа рпарад" иара абар уажәы фынтәуп иҽалаирхәуеижьҭеи.
"Ахәыҷқәа зегьы абри амш иазыԥшуп ргәы хыҭ-хыҭуа. Асимфониатә оркестр ацыхәмарра дара рзы насыԥк иаҩызоуп. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп адгылара ду ҳазҭо Адыгеиа Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр. Сгәанала "Аконцертқәа рпарад" хәыҷгьы дугьы рзы ныҳәа дууп", — иҳәеит иара.
Амузыкаҭҵааҩ Асида Царгәышԥҳа ишылҳәо ала аконцерт ахьӡ апрограмма аилазаара иадҳәалоуп.
"Аконцерттә программа жанрк ала ишьақәгылоуп – инструменттә концертуп. Ара инарыгӡо арҿиамҭақәа асолистцәа роуп иззырхо", — лҳәоит лара.
Апианиноарҳәаҩцәеи аскрипкарҳәаҩцәеи Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭеи амузыкатә школқәеи ирҵаҩцәоуп.
Аконцерт афинал аан дықәгылоит Барас Куҿба, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа адиректор Нинель Бжаниаԥҳа лстудент. Лаҵарамзазы иара Урыстәылатәи Афедерациа апрезиденттә оркестр дацықәгылон Кремльтәи ахан аҟны. Уа иара инеигӡеит Моцарт 23-тәи иконцерт ахԥатәи ахәҭа.
Барас иҭаацәа 2008 шықәса рзы Анкарантәи Аԥсныҟа иааит нхараҳәа. Усҟан Барас аа-шықәса ихыҵуан. Уи аахыс иара амузыка инапы алакуп. Еснагь аԥхьахәқәа ианашьахоит.
Абас, иқәгыларақәа руак аан ихәмаршьа лбеит Нинель Бжьаниаԥҳа. Лара лажәақәа рыла Барас иҷыдоу амузыкатә ҟыбаҩ илоуп.
"9-10 шықәса ракәын ихыҵуаз раԥхьа данызбаз. Зегьы даарылукаауан. Ихәмаршьа ҷыдан. Сара сыдагьы, акомиссиа иалахәыз зегьы деицгәарҭеит", — лҳәоит Бжьаниаԥҳа.
Барас уажәы Башаран-колледж дҭоуп. Иара убасгьы аҵара иҵоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭаҟны. Ҩышықәса ирықәуп Лӡаатәи жәлар ринструментқәа рансамбль аҟны аԥхьарца аирҳәоижьҭеи.
Адыгеиатәи Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр Аԥсны изныкымкәа иқәгылахьеит. Уи алахәыла Андреи Мартиушев иҳәоит аҩны дыҟоушәа ихы шибо.
Андреи Мартиушев авалторна аирҳәоит ахԥатәи аклассаҿ дантәаз аахыс.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр алахәыла Георги Рычко алитаврқәа аирҳәоит. Пицундатәи ауахәамаҟны аконцертқәа мҩаԥигоит. Амузыкеи иареи еидҳәалоижьҭеи 40 шықәса ҵуеит, шьҭрала Днепропетровсктәуп.
"Сабшьҭра аганахьала зегьы амузыка иадҳәалоуп. Сан лышьҭрахь – амедицина иадҳәалоуп. Саб Москватәи аконсерваториа апрофессорс дыҟан. Иконцертқәа зегь сырзыӡырыҩуан, агастрольқәа рахь сигон", — иҳәоит иара.
"Аконцертқәа рпарад" мҩаԥысуеит акультуратә сезон Аԥсны-Урыстәыла аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аидеиа авторс дамоуп Нинель Бжьаниаԥҳа.