Крит еиқәшәараны иҟоуп аиашахаҵаратә уахәамақәа рхадацәа

© Sputnik / Владимир Родионов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКрит.
Крит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәылатәи аиашахаҵаратә уахәама адырра ҟанаҵахьан адгьылбжьаха Крит имҩаԥысраны иҟоу асобор Азеиԥшиашахаҵаратә еизара акәны ишыҟам, избанзар уа иалахәым ауахәамақәа зегьы.

АҞӘА, рашәарамза 17 — Sputnik. Крит аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҟны иҟоу ақыҭахәыҷ Колимвари аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аиашахаҵаратә дунеи аӡбахә аинтерес роуит. Араҟа, аиашахаҵаратә уахәамақәа 14 рыӡбрала, рашәарамза 16-26 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аиашахаҵаратә уахәамақәа иԥшьоу Рсобор ду.

Адоуҳатә мчқәа иарбанызаалак ааԥсара иаиааиуеит

Аха асобор аламгацкәа ауахәамақәа хәба, урҭ рҿы Урыстәылатәи аиашахаҵаратә уахәамагьы ажәалагала ҟарҵеит Асобор амҩаԥгара арыцхә еиҭакзарц. Избанзар хәымз рыҩныҵҟала изалымшеит еимаку азҵаарақәа рҭыԥ рықәҵара ҳәа иазыԥхьаӡаны. Асобор ацынхәрас имҩаԥгатәуп аиашахаҵарабжьаратә еилацәажәара, ҳәа азгәанаҭеит Сербиатәи аиашахаҵаратә уахәама. Аха нас урҭ ргәаанагара ԥсаххеит, Сербиатәи апатриарх Иринеи Критҟа инеиз раԥхьатәиқәа дрылоуп.

Крит аиашахаҵаратә Академиа Колимвари аҟнытә 500 метра ахьынабжьоу ауп иахьыҟоу. Абри амҩа ахы-аҵыхәа зегьы пашәӡа ишәны иҟоуп. Зехьынџьара ицқьароуп. Ауааԥсырагьы иҟаларызеишь ҳәа иԥшуп.

"Ҳәарада ари ҳара ҳзы ихҭысуп", — иҳәоит аҭыԥантәи анхаҩы. Адәқьанқәа рҟны акәзар аҭиҩцәа злацәажәо арахь иааз-ицаз роуп.

Колимвари ашҟа иаауеит ауахәама амаҵзуҩцәа рыдагьы аполитикцәагьы. Амҽыша иаара иазыԥшуп Бырзентәыла Ахада Прокопис Павлопулос, аԥшьаша аофициалтә уаххьа мҩаԥигеит Бырзентәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Никос Котзиас.

"Аиашахаҵаратә иԥшьоу Асобор ду аиашахаҵаратә уахәамазы 1300 шықәса рыҩныҵҟа аҵак ду змоу акакәны иҟоуп. Бырзентәыла аҳәынҭқарра, 1054 шықәсазы имҩаԥысыз асхизма ашьҭахь адкыларатә ԥыжәара змоу, алахәылацәа ршәарҭадара аиҿкааразы иалшоз зегь ҟанаҵеит", ҳәа азгәарҭоит Бырзентәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

Имҩаԥысуа Асобор аԥхьа ишазыԥхьагәаҭаз еиԥш акәымкәа аҽеиҭанакит. Арахь имааит Москвеи Урыстәылазегьтәи апатриарх Кирилл, Қырҭтәәыла апатриарх Илиа Аҩбатәи, Болгариатәи апатриарх Неофит, Антиохиа апатриарх Иоанн Х.

"Аурыс патриарх ида ишԥаҟало? Ауахәама амаҵзуҩцәа арахь ԥсшьара иаама? Ибзиам џьара ак мҩаԥысуеит…", — иҳәеит ааҭыԥантәи анхаҩы Адонис.

Зегьы еицҿакны ирҳәо акоуп – ауахәамақәа зегьы еизгатәын.

Аиереи Виссарион. - Sputnik Аҧсны
Аиереи Виссарион: ажәлар реизарала ауахәаматә зҵаарақәа узыӡбом

Бырзентәәылатәи аиашахаҵаратә уахәамақәа руак ахаҭарнак иазгәеиҭоит Урыстәылатәи аиашахаҵаратә уахәама Асобор хымԥада ахы аланархәыр акәын ҳәа.

Џьоукы иазырыԥхьаӡоит аханатәгьы иубартәы иҟан зегь реизгара шалымшоз ҳәа. "Болгариаа рыла ҳалагеит. Дара роуп апроект Бургас — Александруполис еиԥызҟьаз", — иҳәоит ҳзыҿцәажәоз руаӡәк Трансболкантәи анефҭмҩангага аҭоурых дазхьаԥшуа.

Ус акә, егьыс акә макьаназы, актәи ауснагӡатә асинаксис маҷ (аизара) ашҟа иааз ауахәамақәа жәаба рхаҭарнакцәа роуп.

Ашәарҭадаратә усқәа араҟа еиҿкаауп уаанӡа ишыҟамлацыз. Колимвари амҩадуқәа зегьы полициауаала иҭәуп. Асобор аусура иаҵанамкуа автомашьынақәа рыргыларагьы азин ҟаҵам. Амашьынақәа рыргылара ҟалоит иалху аргыларҭақәа рымацара рҟны. Академиа иахьаҵанакуа иныҟәалар зылшо Асобор алахәылацәа рымацара роуп.

Криттәи аполициауаа рнаҩсгьы бырзентәыла егьырҭ ахәҭақәа рҟынтәгьы арахь иадыԥхьалоуп.

Аполициа рыцхрааразы иадыԥхьалоуп хаҭалатәи ахьчаратә еилахәырақәа,

"Putin is number one!" аиԥш иҟоу иҳәоит ахьчаҩцәа руаӡәк.

Асобор амҩаԥысырҭа рыхьчоит адгьыл аганахь адагьы амшын аганахь алагьы, ажәҩан аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа ихаԥыруеит аверталиотқәа.

Асобор апресс-маҵзураҟны ажурналистцәа рахь аҳәара руеит иҟоу аҭагылазаашьа еилкаарыла иазнеиларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0