АҞӘА, лаҵарамза 13 мая – Sputnik. Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама анапхгаҩы, аиереи Виссарион (Аԥлиа) игәаанагара иҳәеит Афон Ҿыц лаҵарамза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу аизаразы. Аизара ауаажәларра рыҩныҵҟа еиҳагьы аиҟәшара ахылҿиаар алшоит, ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама анапхгаҩы, аиереи Виссарион (Аԥлиа).
"Ҳара зегьы абри аизара еилкаарыла ҳазнеироуп. Асеиԥш аизарақәа рыла ауахәаматә зҵаарақәа рыӡбаӡом. Ауахәаматә зин аҟны асеиԥш аизарақәа рхатә хьыӡқәа рымоуп. Макьанагьы ихьшәам аизара мап ацәкра. Аизара ауаажәларра рыҩныҵҟа еиҳагьы аиҟәшара ахылҿиаар алшоит", — иҳәеит иара.
Ауахәама-уаажәларратә еизара аиҿкааҩцәа рахь ихы нарханы Виссарион (Аԥлиа) аҳәамҭа ҟаиҵеит "Аԥсны Аметрополиа ԥшьа анапхгаҩцәа рҟынтәи Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ыҟам ҳәа ануаҳауа угәы унамырхьырц залшом" ҳәа.
"Аԥсуа епископ дыҟам ҳәа ирҳәогьы иашам. Абри азҵаараҟны АИХ (СМИ) урҭ ирҳәо рыцырҳәоит. Ауахәама-уаажәларратә еизара Аиашахаҵаратә уахәамахь иаҵанакуаны иҟам. Аԥсны Аметрополиа ԥшьа аизарагьы автокефалиа ахылымҵит. Избанзар абасеиԥш автокефалиа аиура залшом. Еиҭасҳәоит – аизара иаҳнаҭо ҳәа акгьы ыҟам. Ажәлар ржьара аҭахым", — иҳәоит аиреи Виссарион.
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада аҳәара ҟаиҵеит ауаа еилыркаарц, иазхәыцырц, ауахәама-уаажәларра еизара Ауахәама шеиҟәнашо, автокефалиа усеиԥш ишырмоуа еилыркаарц.
Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада еиҭеиҳәеит Апостол Павел иажәақәа: "Сашьцәа, саҳәшьцәа, Анцәа ду дсыманы сшәыҳәоит иаҳҳәо еицҿакны иаҳҳәаларц, ҳазегь доуҳак ҳаиднакылозарц, ҳазегь иакны ҳаицхәыцуазарц".