Ареферендум рхы аладырхәыр алшоит Аԥсны иҭаҩу

Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада заанаҵы иалхразы ареферендум мҩаԥысраны иҟоуп 33 ҭыԥ рҟны.

АҞӘА, рашәарамза 22 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны ауааԥсыра, араҟа иҭаҩым ареферендум рхы рзалархәуам. Абри атәы иҳәеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табагуа.

"Ҳара "Ареферендум азы" азакәан ҳақәныҟәоит. Иара убасгьы ҳхы иаҳархәоит "Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхразы" азакәан. Уи инақәыршәаны атәылауаа Аԥсны иҭаҩым ареферендум аҟны рыбжьы рзыҭиӡом", — иҳәеит Табагуа.

Атәыла Ахада заанаҵы иалхразы ареферендум мҩаԥысраны иҟоуп 33 округтә ҭыԥ рҟны. 170 рҟынӡа участок ҟалоит.

"Макьаназы абжьыҭира азин змоу ауаа рхыԥхьаӡара шьақәыргылам. Асиа 10-мш шыбжьоу ишьақәыргылахоит", — иҳәеит иара.

Табагуа иажәақәа рыла аԥшьгаратә гәыԥ ирыҭахоит аефиртә аамҭа аҳәынҭқарратә телехәаԥшраҟны.

Аформат макьаназ ишьақәыргылам иҳәеит иара.

Хәажәкырамза 2016 шықәсазы аԥшьгаратә гәыԥ атәыла Ахада заанаҵтәи иԥхьатәаразы ареферендум амҩаԥгаразы арзаҳал нарышьҭит Аԥснытәи ААК(ЦИК) ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0