Чрыгба: Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьра апропоганда ду алырхит Қарҭаа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит апресс-конференциа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит апресс-конференциа, изаамҭанытәины имҩаԥысыз Женеватәи аилацәажәарақәа реихшьаалақәа ирызкни Италиа иаартыз акультуратә центр иазкни.

АҞӘА, рашәарамза 28 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит апресс-конференциа, изаамҭанытәины имҩаԥысыз Женеватәи аилацәажәарақәа реихшьаалақәа ирызкни Италиа иаартыз акультуратә центр иазкни. Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьра апропоганда ду алырхит Қарҭаа, иҳәеит апресс-конференциаҟны аминистр Виачеслав Чрыгба.

"Ақырҭуа ган ҳара иҳарҭеит аброшиура иҭахаз ауаҩи иҭаацәареи рсахьақәа анҵаны. Ашоу аелемент ауп ари иаанаго. Ҳара иаҳҳәеит арыцҳаратә хҭыси апропогандеи реидкылара иашам ҳәа. Ус шакәызгьы аҭыԥ змаз аҭагылазаашьа ҳалацәажәеит. Сгәы иаанагоит ԥхынгәы 26 рзы Гал имҩаԥысраны иҟоу ԥшь-ганктәи аиԥылараан аусҭҵаара иахәаша адокументқәа реимдара алыршахап ҳәа", — иҳәеит Чрыгба.

2016 шықәса лаҵарамза 19 рзы ақыҭа Батаигәара ааигәара, ахылаԥшра-аушьҭратә пункт "Набакиа" аҿы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә отриад аррамаҵзуҩы Рашид Канџьи-оӷли Қырҭтәыла атәылауаҩ Гигла Оҭхозориеи аимак роуит. Уи аԥсны аҵакырадгьыл алалара азин изҭоз ашәҟәқәа ахьимамыз азы арахь аҭалараз мап ицәкын. Аимак иахҟьаны Қырҭтәыла атәылауаҩ дыршьит. Аԥсны Арратә прокуратура ашьаус хацнаркит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит аԥсуа делегациа аиҿцәажәарақәа раан алахәылацәа ишрыднагалаз ақырҭуа маҵзура ҷыдақәа рыхҟьала иҭархоу 25-ҩык Аԥсны атәылауаа рсиа. Иара иажәақәа рыла урҭ рахьынтәи хҭыскгьы аҭҵаара нап аркымызт Қырҭтәыла.

Иахьазы Рашида Канджи-оӷлы аҩнтәи аанкылара идҵаны дыҟоуп. Аусҭҵаара цоит. Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит рашәарамза 14 — 15 рзы, Женева.

Ажәабжьқәа зегьы
0