Гарцкиа: атурист ԥсшьароуп Аԥсныҟа дзаауа

© Sputnik, Томас ТхайцукАԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа.
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа иаҳзеиҭеиҳәеит аҩаша аҭыԥ змаз ахҭысқәа атуристтә усхк иарҭаз анырра атәы.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атурист ԥсшьароуп Аԥсныҟа дзаауа, иҳәеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа иацы аҭыԥ змаз ахҭысқәа атуристтә усхк иарҭаз анырра атәы далацәажәо имҩаԥигоз абрифинг аҟны.

"Акурорттә сезон аилашымҭоуп. Ҳауаажәлар атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи ирзыԥшуп. Уи алоуп реиҳараҩык рхы зланыҟәырго. Уиалоуп рхәыҷқәа акрызларҿарҵо. Акурорттә сезон аан идырҳауа аԥара ашықәс зегьы иабароуп", — иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла асасааирҭақәа жәпак рыҟны аԥсшьаҩцәа ықәҵны ицоит ҳәа адыррақәа ыҟоуп.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба. - Sputnik Аҧсны
Кьылба: ахара зду рыхәҭа иақәыршәатәуп

"Аԥсшьаҩцәа хынҳәны ицоит. Урҭ еилукаауеит, ԥсшьара ҳәа иааит. Ахәыҷқәа рыцуп. Ашәарҭара зынӡагьы ирҭахны иҟаӡам. Ҳхы иазаауит иахьатәи ацәгьа, тәымуаҩык акгьы ҳзимуӡеит", — иҳәеит иара.

Авҭандил Гарцкьиа агәра ганы дыҟоуп асеиԥш ала аҳәынҭқарра аргылара шзалмыршахо.

Уаанӡа, аҩашаҽны, ԥхынгәы хәба рзы Аҟәа ақалақь аҟны аоппозициа аганахьала еизаз дҵаны иқәдыргылон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба имаҵура дамхзарци зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира азин ҟарҵарци.

Убри инацҵаны дҵаны иқәдыргылон Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿгьы ареферендум амҩаԥгаразы абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхарц.

Атәыла Ахада идҵала Леонид Ӡаԥшьба аусҭҵаарақәа ирҿнаҵы инапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп. Абри аамҭазы уи инапынҵақәа неигӡоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Борис Абитов.

Ажәабжьқәа зегьы
0