Кьылба: ахара зду рыхәҭа иақәыршәатәуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаАԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба ахҳәаа риҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аҿаԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба Аҟәа имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны ахҳәаа риҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аҿаԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа. Азинеилагара зыхҟьаз ауаа азакәани дареи еинаалом иҳәеит иара.

"Азин еилазгаз зегьы рыхәҭа иақәыршәатәуп. Аоппозициа атәылаҟны аҭагылазаашьа ашьақәҟьара хықәкны иамоуп", — иҳәеит Кьылба.

Муҳамед Кьылба иазгәеиҭеит амитинг алахәылацәа рацәаҩны хәажәкырамзазы аминистрра аԥхьа аҭыԥ змаз ақәгыларақәа ирылахәын ҳәа.

"Ишәгәаламшәои амилициа уаанӡатәи аусзуҩ Џьелиа идҳәалаз аимак. Убасҟан аминистррахь инеины игылаз ауаа иахьагьы абра игылан. Абри ҳхықәкуп ҳәа ирҳәозаалакгьы ахықәкыҵәҟьа аҭагылазаашьа ашьақәҟьара ауп", — иҳәеит Кьылба.

Аҩашаҽны, ԥхынгәы хәба рзы Аҟәа ақалақь аҟны аоппозициа аганахьала еизаз дҵаны иқәдыргылон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба имаҵура дамхзарци зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира азин ҟарҵарци.

Убри инацҵаны дҵаны иқәдыргылон Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿгьы ареферендум амҩаԥгаразы абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхарц.

Атәыла Ахада идҵала Леонид Ӡаԥшьба аусҭҵаарақәа ирҿнаҵы инапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп. Абри аамҭазы уи инапынҵақәа неигӡоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Борис Абитов.

Ажәабжьқәа зегьы
0