Аӡынба: Аԥснытәи ахҭысқәа атурпоток ԥырхага арымҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпсшьаҩцәа.
Апсшьаҩцәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба аԥшьаша абрифинг мҩаԥигеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамил Аӡынба аԥшьаша абрифинг мҩаԥигеит. Аԥснытәи ахҭысқәа атурпоток ԥырхага арымҭеит, иҳәеит иара абраҟа.

"Информациатә маҵзурак ишьақәдырӷәӷәон ААР (МВД) аҿаԥхьа иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь Аԥсныҟа атуристцәа раара лаҟәит ҳәа. Аха уи зегь аиаша иацәыхароуп", — иҳәеит Аӡынба.

"Акурорт Пицунда анапхгара срацәажәон. Урҭ ирҳәеит проблемак рыман ишыҟам", — иҳәеит Аӡынба.

Аполитикатә ҭагылазаашьа анырра знаҭоу аинвестициатә ҭагылазаашьоуп, иҳәеит иара.

Аԥсны Аекономика аминиистр Адгәыр Арӡынба. - Sputnik Аҧсны
Арӡынба: Аԥсны аҿиара аполитикатә ҭышәынтәалара иахьыԥшуп

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аполитикатә ҭагылазаашьазы атәыла анапхгара реиԥш аоппозициаагьы аҭакԥхықәра шрыду.

Уаанӡа, аҩашаҽны, ԥхынгәы хәба рзы Аҟәа ақалақь аҟны аоппозициа аганахьала еизаз дҵаны иқәдыргылон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба имаҵура дамхзарци зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира азин ҟарҵарци.

Убри инацҵаны дҵаны иқәдыргылон Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿгьы ареферендум амҩаԥгаразы абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхарц.

Атәыла Ахада идҵала Леонид Ӡаԥшьба аусҭҵаарақәа ирҿнаҵы инапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп. Абри аамҭазы уи инапынҵақәа неигӡоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Борис Абитов.

Ажәабжьқәа зегьы
0