Арӡынба: аԥарақәа ныхуп, алҵшәа ыҟам

© Sputnik Томас ТхайцукАпсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.
Апсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москваҟатәи аусуратә ныҟәареи ареферендум алҵшәақәа ртәи дрылацәажәеит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба имҩаԥигаз абрифинг аҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Владимир Бегунов. Ареферендум азы аԥарақәа арезервтә фонд иахыхын. Арезервтә фонд ззырхоу ҭагылазаашьа ҷыдак аан аныхра, ачымазцәа ӷәӷәақәа ацхыраара рыҭара, аҟыбаҩ ҷыда злоу ахәыҷқәа рҵара аԥаразоужьра роуп, иҳәеит Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба имҩаԥысуаз абрифинг аҟны.

"Ареферендум иахҭынҵан ашәахтәшәаҩцәа рԥарақәа. Сара уаанӡагьы исҳәон, еиҭасҳәахуеит аԥарақәа ныхуп, арахь политикатә лҵшәак ыҟан иҟам", — иҳәеит аминистр.

Иара убасгьы дазааҭгылеит Москва, аилахәыра Strategy Partners Group анапхгараҿы аилацәажәарақәа. Аилахәыра адыԥхьалоуп Аԥсны аҿиара апрограмма аус адулара.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ареферендум иазкны абрифинг мҩаԥигеит. - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: ареферендум ахь ауаа рымнеира абаикот иахьыԥшым

"Амза анҵәамҭазы атуризм иазку аилацәажәара мҩаԥаагараны ҳаҟоуп. Ҳара ҳзы ихырхарҭа хадақәаны иҟоуп: атуризм, аԥсыӡтә ааглыхра, ашәыри ауҭраҭыхи аусрыдулара", — иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла аус ауеит акредитзоужьра апрограмма. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәазы ихацыркхоит апроект дуқәа ҩба, иаздырхиоит аҽа ф-проектк.

Арӡынба иазиԥхьаӡоит ареспублика аекономикатә зҳаразы иахәҭоу зегьы амоуп ҳәа. Атәыла ауааԥсыра рылшарақәа зегьы уи иазырхахар, фба, быжьба шықәса рыҩныҵҟа зегь ҭышәынтәалоит, иманшәалахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0