Ареферендум аҵыхәтәа шԥаҟалои

© Фото : предоставлено Владимиром ЛепехинымВладимир Лепехин.
Владимир Лепехин. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽышаҽны Аԥсны имҩаԥысит жәларзегьтәи ареферендум, аха ауаа абжьыҭирахь рымнеира иахҟьаны уи шьақәгылеит ҳәа узҳәом.

Ареферендум алҵшәақәа шԥеилкаатәу ҳәа изазҵааз ЕАЕС Аинститут адиректор Владимир Лепехин абас аҭакқәа ҟаиҵеит:

– Владимир Анатоли-аԥа, ԥхынгәы 10 рзы имҩаԥысыз ареферендум иаҳнарбеит атәыла ауааԥсыра реиҳараҩык аԥсахрақәа ишырзыхиам, аоппозициа ишадымгыло. Абри инадҳәаланы експертцәақәак ирҳәоит атәыла анапхгара роппонентцәа ириааиит ҳәа. Шәара шәгәаанагарала ареферендум ашьҭахь ахҭысқәа шԥамҩаԥысри?

– Ареферендум абасала аилгара иамоуп ибзиоу аганқәагьы ицәгьоу аганқәагьы. Зны срылацәажәап ибзиоу ҳәа избо: сгәы иаанагоит Аԥсны ауаажәлар иаартны иаадырԥшит аҟәышра ҳәа ареферендум абасеиԥш иахьазнеиз. Уи адагьы атәыла аполитикатә мчрақәа зегьы иҟарҵароуп алкаа. Сара схаҭа еснагь аполитикаҟны еимаку азҵаарақәа апарламенттә ҟазшьа рыманы иӡбазароуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Уи атәы зыҩуан ареферендум аԥхьатәи сыстатиақәа жәпакы рыҟны. Агәӷра сымоуп аоппозициа реиҳараҩык апартиа-парламенттә ӡбара иазыхынҳәып ҳәа.

Даур Аршба. - Sputnik Аҧсны
Аршба: ареферендум алҵшәақәа ауааԥсыра аоппозициа ишазыҟоу аадырԥшит

– Шәара ишәҳәеит "аоппозициа реиҳараҩык". Егьырҭ? Арадикалтә оппозициа, ԥхынгәы 5 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иажәлоз?

– Арадикалтә оппозициа иарбанызаалак аргументк рҭахны иҟаӡам. Арадикалцәа еснагь ауаажәларра реиқәшаҳаҭра иашьҭаӡам. Урҭ иаарласны ирҭаху роурц ауп изышьҭоу. Абригьы абзиарақәа ируаку. Аоппозициа аҽашар алшоит арадикалцәеи аҽеиқәкра зылшои ҳәа. Арадикалцәа ықәгылан ирҳәалоит ареферендум ахь ауаа рымнеира зхароу амчрақәа роуп ҳәа. Уи адагьы урҭ ареферендум ахь ауаа рымнеира аоппозициа абаикот ахьрыларҳәаз ауп изыбзоуроу рҳәашт.

– Шәгәы ишԥаанагоу, аоппозициа ԥхьаҟа иҟарҵараны иҟои? Иарбан шьаҿақәоу урҭ рҟынтәи иззыԥштәу?

– Сгәы иаанагоит ареферендум еиҭах имҩаԥгатәуп ҳәа аҳәара гаӡароуп ҳәа. Ауаа рымнеира зегь рхы ртәны иҟанаҵазар ҟалоит. Уажәшьҭа дара Апарламент ахь алхрақәа рҽырзыҟарҵалоит. Убраҟа аполитикатә қәԥара ҟалар алшоит.

– Уи абзиарақәа. Цәгьараны ижәбозеи ареферендум ахьымҩаԥымсыз?

– Иҟалар алшоит ацәгьаршрақәа. Аҳәаанырцәынтәи. Шәара ижәбоит адунеи аҟны иҟоу. Иаҳҳәап НАТО асаммит аҟны иаартны иҳәан Алианс аԥыжәара шанаҭо қырҭтәылатәи ахырхарҭа. НАТО алахәылацәа ирҳәеит Урыстәыла аоккупациа зызу ақырҭуа дгьылқәа рҟынтәи иқәҵроуп ҳәа. Урҭ ирыдҳәалахар алшоит аполитикатә провокациақәа. Ажәлар атәыла анапхгара хымԥада аԥсахра ишаҿагылогьы уи иаанагом урҭ амчрақәа иҟарҵо зегь ргәаԥхоитт ҳәа. Урҭ ирҭахуп аҭынчреи аҭышәынтәалареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0