Кәтол ақыҭантәи ԥшьҩык ахәыҷқәа ран Замира Гәагьиаԥҳа аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа аҟәатәи аџьармыкьаҟны ахәаахәҭра даланаргеит.
Иарбанызаалак аԥсуа чыс ахаа-мыхаақәа ҳәа иахәҭоу амарҭхә амҭакәа агьама шыбзиамхо аҩныҳәсақәа зегьы ирдыруеит. Замира Гәагьиаԥҳа лакәзар, лҭаацәагьы ларгьы уи рнапы алакуп.
"Сара шьҭрала Арасаӡыхьтәуп. Кәтол Лашәриаа срымоуп. Аибашьра ашьҭахь ԥшьҩык ахәыҷқәа ршьапы рықәыргылара акыр иуадаҩын азы Аҟәаҟа ҳаиасит нхара ҳәа. Саҳәшьа усҟантәи аамҭазы араҟа ахәаахәҭра лнапы алакын. Саргьы уи аус садылхалеит", — лҳәоит Замира.
Замира лажәақәа рыла абри абизнес илнаҭеит алшара лхәыҷқәа ԥшьҩык ршьапы рықәыргылара, аҵара дырҵара.
"Ҩыџьа аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи сымоуп. Аҷкәын аиҳабы Кәтол дынхоит, аиҵбы АГУ дҭоуп. Сыӡӷабцәа аҭаацәарақәа ирыланагалахьеиит. Амоҭацәа сымоуп", — лҳәоит лара дырзыгәдуны.
Замира лус аџьабаа адагьы лгәы-лыԥсы адҵаноуп дазнеиуеит. Иаргьы лықәманшәалахоит.