АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш хыркәшахеит акәашаратә коллективқәеи аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи злахәыз аконцерт ала. Сынтәатәи аныҳәа аиҿкаара рнапы ианын Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы.
"24 шықәса раԥхьа Аԥсны аиҳабыра ирыдыркылеит аҳәынҭқарра асимволика — абираҟ, агерб. Аамҭа иаҳнарбеит ари абираҟ ишеиԥсықәырхагаз, иара аиааиреи аҭынчреи ирсымволхеит. Аԥсны ахьыԥшымра азааргарц рыԥсы ахҭнырҵеит иреиӷьыз Аԥсны аҵеицәа. Сгәы рыладууп иахьатәи аҿар иахьахӡыӡаауа абираҟ, дара шаҟа иҵауланы иазхәыцуа, еилыркаауа аҵакы. Абираҟ аԥсуа ҭоурых аҟны ианнакыло аҭыԥ ахә ашьара уадаҩуп", ҳәа иҳәеит Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Алиас Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла, есышықәса аныҳәа зҽалазырхуа аҿар рхыԥхьаӡара иацлоит.
"Иахьа, абираҟ амш ҳтәыла араионқәа зегьы рыҟны иазгәарҭоит. Сгәы иаахәоит есааира ари аныҳәа амҽхак ахьарҭбаауа", — ҳәа ациҵеит иара.
Аԥсны аҳәынҭқарра амш азгәаҭара иалахәын атәылауаа реиԥш, хыԥхьаӡара рацәала асасцәагьы.
"Ҳара раԥхьаӡа акәны ҳаҭааит шәтәыла, уи аԥхьа иаҳаҳахьан Аԥсны аӡбахә, аха аибашьра иадҳәаланы ара ҳахьааиз иаҳбеит ишҭынчроу, аԥсабара аԥшӡара заку, аԥсуаа зегьы ргәы шыраҳаҭу. Ҳара ҳзы насыԥ дууп, шәмилаҭ абираҟ амш аныҳәа ҳахьалаху", — ҳәа рҳәеит Еленеи Андреи Липецкынтә аҳҭнықьалақь аҟны зыԥсы зшьо.
Аҳәынҭқараа абираҟ атәылауаа рзы баша символым, иара аиааира иасымволны иршьоит.
"Гәаҟрыла еиқәырхо бираҟуп, ҳара ҳбираҟ. Азин ҳамаӡам ҳара иара иахьа иаҳхашәыршәыртә еиԥш ҳҟазҵаз аҵеицәа ргәалашәара арӡреи, абираҟ ишахәҭам азныҟәареи. Ирыдысныҳәалоит ари аныҳәа ду зегьы", — ҳәа лҳәеит Ирина Џьыкырԥҳа.
Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, самырзаҟан, дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибга ирсимволны иҟоуп.
Аҳәынҭқарратә символикақәа дравторуп, асахьаҭыхҩы — Валери Гамгиа.