Сезаи Кәпалба: збызшәа ззымдыруа, иԥсадгьыли иареи реимадара еиҳа-еиҳа ихьысҳахоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, ажурналистика знапы алаку Сезаи Кәпалба
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, ажурналистика знапы алаку Сезаи Кәпалба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, ажурналистика знапы алаку Сезаи Кәпалба иԥсҭазаареи иԥсадгьыл ахь имоу агәазыҳәарақәеи ртәы дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа.

Сезаи Кәпалба хылҵшьҭрала Аԥснытәуп. Аԥсуаа аӡәырҩы реиԥш, ахҵәара аамҭазы иабшьҭра Ҭырқәтәылаҟа иагеит. Иаб Ешьреф Кәпалбеи иан Раамие Аҩӡԥҳаи, Сезаи дналаҵаны фҩык ахшара рааӡеит. Сезаи диит 1966 шықәса рзы, Адаԥазар азааигәара иҟоу Каиалар ақыҭан. 1988 шықәса рзы Сезаи, қәҿиарала далгоит Сҭамԥылтәи ауниверситет, аимадаратә факультет ажурналистика аҟәша. 27 шықәса ҵуеит ажурналист изанааҭ ала аус иуеижьҭеи. 

"Сара макьана лахьынҵас исмоуцт сыԥсадгьыл збартә еиԥш. Сыԥсҭазаара убас иҟалеит, иахьа уажәраанӡа Аԥсны сзымнеиӡац. Хымԥада, уи сыгәҭакқәа ираԥхьагылоуп, иалыршахап ҳәа сгәыӷуеит. Аԥсшәа еилыскаауеит, амала ацәажәара сцәыуадаҩуп, шьала-дала исныруеит сара сшаԥсыуоу", — дцәажәон Сезаи. 

Ҭырқәтәыла анхара злахьынҵахаз Сезаи иабдуцәа раԥхьа Диузџьа инхон, нас Каиалар ақыҭахь ииасит. Ари ақыҭаҿы ирацәаҩуп иахьа уажәраанӡагьы инхо аԥсуаа.

"Саныхәыҷыз, сыкәша-мыкәша зегьы ԥсышәала ицәажәон. Амала, уи зыԥсаз шаҳзеилымкаауаз уажәоуп ианыздырыз. Ҳаиҳабацәа аԥсышәала ианҳацәажәоз, иаҳдыруаз аҭырқәшәа маҷ ала аҭак раҳҭон. Ҳбызшәа ара ахақәиҭра амамызт. Арра маҵзура санахыс ашьҭахь, еиуеиԥшым агазеҭқәеи ателехәаԥшрақәеи рҟны аусура салагеит", — еиҭеиҳәон Сезаи. 

Сезаи, Адаԥазар ажурналистцәа Реидгыла напхгаҩыс дамоуп. Иара убас, Ҭырқәтәылатәи ажурналистцәа Рфедерациа анапхгара далоуп. Аԥсуаа хыԥхьаӡара рацәала иахьынхо Адаԥазар аус иуеит иахьазы.

Фазилеҭ Агәмааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Фазилеҭ Агәмааԥҳа: ахааназы сгәы иҭынҵәом саб Аԥснынтә даныхынҳә имаз игәалаҟара зеиԥшраз

"Раԥхьатәи сжурналисттә материалқәа иреиуоуп Аԥснынтәи иааз ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба агазеҭ аҿы иҿцәажәара. Уи даараӡа сеигәырӷьон.  Усҟан исоуз аԥхарра, иахьагьы сгәы иҭоуп. Аԥсны аибашьра анцоз, арантә уахь инеиз ԥшьҩык аҭыԥҳацәа ирызкны ажәабжьқәа агазеҭ ианысҵеит. Агазеҭ адаҟьақәа рыла Аԥсны ицоз аибашьра атәы заҳаз рацәаҩхеит. Аибашьра иаҳзыннажьыз ахьаа Аиааира ихнаҽит.

Шықәсқәак раԥхьа, Аԥсныҟа ицоз Ҭырқәтәылатәи ажурналистцәа срыцны, уахь амҩа сықәлеит. Сҭамԥыл аҳаиртә баӷәазаҿы стәылауаҩ шәҟәы агха амоуп, нбанк ииашамкәа иҩуп ҳәа ахара сыдҵаны, сдырхынҳәит. Еилышәкаап ҳәа сазхәыцуеит усҟантәи сгәы аԥжәара зеиԥшраз… Уи иахьагьы исхымыԥсааӡац", — еиҭеиҳәон Сезаи Кәпалба. 

2004 шықәса рзы, Каиалар ақыҭа аԥсуа чараҿы, Сезаи иаҳәшьа машәырла иҭҟьаз ахы лықәшәеит. Абри ахҭыс хлымӡаах анаҩс Ҭырқәтәыла, азакәан иазымыӡбаз, аԥсуа еиҳабацәа ражәа инанагӡеит. Урҭ еизаны ауаажәларратә қәҵара рыдыркылеит, ачарақәа рҿы ахысра аанкылазарц. Уи амш ала, Сезаи чарак ахь днеиргьы, жәаминуҭк еиҳаны даангылом.

"Аԥсны аҭагылазаашьа сазҿлымҳауп. Аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы аԥсуа бызшәа раҳауа, насгьы ирҵартә еиԥш аҭагылазаашьа рымазарц сҭахуп. Збызшәа ззымдыруа, иԥсадгьыли иареи реимадара еиҳа-еиҳа ихьысҳахоит. Уи сара схаҭа иахьеи уахеи сзыргәаҭеиуа ауп. Аԥснынтә сасцәақәак ааны, аԥсышәала издыруа жәақәак анысҳәалак, шаҟа сгәы архыҭхыҭуа шәазхәыцыр, сеилышәкаап ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны афҩы хаа саҳауазшәа сааҟалоит", — хәыцра шәкы деимаркуа дҳацәажәон Сезаи Кәпалба.  

 

Ажәабжьқәа зегьы
0