Ҳаџьымба: Аԥсны аказначеитә система аус ауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аизара
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аизара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аизара, аказначеитә системахь аиасра азҵаарақәа ирызкны.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигеит аизара, аказначеитә системахь аиасра азҵаарақәа ирызкны. Аԥсны аказначеитә система хымԥада аус ауроуп иҳәеит иара.

"Аказначеитә система аусура иалагеит. Иахьа ҳара иаҳбарҭоуп абиуџьеттә ԥарақәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵшьа бзианы. Иаабоит иҟоу аԥарақәа. Иныху аԥарақәа. Ицаз ахьцаз, изызцаз. Урҭ рхы ишадырхәо. Сгәы иаанагоит заҟа ирласны абри апроцесс иныҭкааны аус ауа иҟало аҟара зегь маншәалахоит ҳәа. Абиуџьет алагалеи ахарџьи рҭагылазаашьагьы арманшәалоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсны Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиаԥҳа иазгәалҭеит аказначеитә системахь аиасра мыруадаҩкәа ишаҿу.

"Абиуџьет аҟны иҟоу рганахьала апроцесс маншәаланы еиҿаҳкаахьеит. Абиуџьеттә ԥара зауа ирылшоит аинтернет ахархәарала ироурц аоперативтә информациа, аелектронтә формала ршәарақәа мҩаԥыргаларц. Ҳара 395 биуџьетеиҿкаара ҳамоуп, урҭ рҟынтәи 93 аусура ҿыцла иалагахьеит", — лҳәеит аминистр.

Лара лажәақәа рыла маҷк ауадаҩра рыҵоуп аҭыԥантәи абиуџьетқәа аказначеитә системахь риасра.

"Абарҭ аамҭақәа зегьы ҳусуцәа аҭыԥқәа рахь инеины аҳасабырбақәа раркраҟны ацхыраара руан", — лҳәоит лара.

"Аԥсны Амилаҭтә банк аиҳабы Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭеит аусура алагамҭаз ауадаҩрақәа шыҟаз. Аиҳаракгьы акоммерциатә банкқәа рҟны. Абанкқәа русуҩцәа аӡәырҩы ирыздырамызт ашәҟәқәа реиҿкаашьа. Иахьазы уи апроблема ӡбоуп", — иҳәоит иара.

Аԥсны Афинансқәа рминистрра Аказначеитә усбарҭа официалла аусура иалагеит 2016 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Иара аԥҵара иақәхарџьын 80 миллион мааҭ аԥара. Урҭ рҟынтәи 90 процент урыстәылатәи аԥарақәа роуп.

Иара рымаҵ ауеит ареспубликатә биуџьет иатәу 169 усбареи аҭыԥантәи абиуџьет иатәу 222 усбарҭеи. Иаартуп 240 хаҿытә ԥхьаӡара ареспубликатә биуџьет аганахьала, 444 хаҿытә ԥхьаӡара – аҭыԥантәи абиуџьет аганахьала. Аусбарҭа напхгара аиҭоит Џьансыхә Нанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0